text
stringlengths 1
96.5k
|
|---|
Шинкуба Баграт Васильевич
|
Шьынқәба Баграт Уасил-иԥа
|
СССР Иреиҳаӡоу Асовет 5-тәи ааԥхьара адепутатцәа
|
Лаҵарамза 12 рзы ииз
|
Владислав Григори-иԥа Арӡынба (; ; , Ешыра ақыҭа, Аԥснытәи АССР — , Москва, Урыстәыла) — Аԥсуа политик, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада (1994-2005), Аԥсны Амилаҭтә Фырхаҵа, аҭоурыхҭҵааҩы, абызшәадырҩы, анаукаҭҵааҩы.
|
Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит лаҵарамза 14 1945 шықәса Арӡынба Григори Қьаамын-иԥеи Иаӡычба Надежда Шьаабан-иԥҳаи рҭаацәараҿы. Анеҩсан быжьшықәса рышьҭахь дииуеит иашьеиҵыб Нодар.
|
Владислав иаб — далахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра ду. Аибашьра ду аԥхьеи, уи ашьҭахьи аус иуан ашкол аҿы. Владислав иаб иман хҩык аишьцәа: аиҳабы ихьӡын Султан, агәыбжьанытә — Миша, реиҵыбӡа — Рауф. Иара убас акыршықәса ашкол аҿы аус лухьан иангьы.
|
В. Арӡынба раԥхьаӡатәи ишьаҿақәа еихигеит Ешыратәи абжьаратә школ ашҟа. В. Арӡынба агәырҵҟәыл бзиа змаз аҵаҩцәа дреиуан. Уи бзиа ибон ажәеинраалақәа аисахьаркны раԥхьара.
|
В. Арӡынба ашколаҿ еиҿкааз акәашаратә гәыԥ далан. Ибзианы ицааиуан Кавказтәи акәашарақәа. Иара дызлаз агәыԥ изныкымкәа аолимпиадатә конкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа ргахьан.
|
В. Арӡынба ашкол аҿы аҵара аниҵоз зегь реиҳа игәаҿы иаанхеит аԥсуа бызшәеи алитературеи, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа. Дара ирыбзоуран иидыруаз абызшәақәа.
|
В. Арӡынба ашкол даналга ашьҭахь 1962 шықәсазы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогиатә институт аҭоурыхтә факультет.
|
В. Арӡынба иԥсҭазаараҿ даара инасыԥны аԥхьаӡон Аҟәатәи апедагогигатә институт аҭоурыхтә факультет дахьалгаз. Уи ашколтә ҵара алгара анааигәаха иаб иҭахын Қарҭтәи ауниверситет аекономикатә факультет дҭаларц. Аха уи игәамыԥхеит аҵара аҭалараан аԥышәарақәа рҭиуан урыс бызшәала, нас ақырҭуа бызшәахь иахьасуаз. Убри мацара иахырҟьаны иҷкәын уахь дцаны иҵара мап ацәикит.
|
В. Арӡынба иара убас инасыԥ дуны иԥхьаӡон дара ркурсаҿ алекциақәа иахьрыԥхьоуз зегь иреиҳаз аҵарауаа. Урҭ иреиуан: Аԥсны археолог Михаил Мамеҭ-иԥа Траԥшь, аҭоурых ҭҵааҩы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа, аԥсуа етнограф аҵарауаҩ ду Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа.
|
В. Арӡынба иҵара даналга ашьҭахь дҭалоит аспирантура мрагыларатәи Академиа. Ари аҵараиурҭаҿ аус иуан 1969 инаркны 1988. В. Арӡынба хықәкыла иҭиҵааун имаҷу Азиа иадҳәалоу аҭоурыхи, акультуреи, урҭ ажәларқәа ирыдҳәалоу арелигиатә нцәахаҵарақәуеи, еиҳарак хаттааи хеттааи ирыдҳәалаз.
|
1971 шықәсазы В. Арӡынба ихьчоит икандидаттә дисерациа, 1985 шықәсазы идоктортә дисертациа.
|
1987 шықәсазы уи напхгара азиуан Ажәытә Мрагыларатәи аинститут акультуреи аидеиалогиеи сектор аҟәшаҿы, аха рацәак дынгылуом, дхынҳәуеит иԥсадгьыл ахь. Ара дахьааиз Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҭҵааратә институт хадара азиуеит 1999 шықәсанӡа.
|
Аԥсны раԥхьатәи аԥыза Москва аус иуанаҵы иԥсадгьыл хылаԥшрада инижьуамызт, уи иара дшадҳәалаз дадҳәалан. Аԥсныҟа данаалак акабинет дыҩнатәаны мацара акәымкәа, Аԥсны аҵарауааи иусуцәеи дрыҿцәажәон, уи еиликаауан урҭ ирыгыз ирыбзаз.
|
Иусқәа инарымаданы ирацәаны имҩаԥигон археологиатә ҭҵааратә експедициақәа Аԥсны атерриториаҿы. Аԥсны усҟантәи аамҭаз хадара шазиимуазгьы ижәлар ирацәаны дрыцхраауан. Дрыцхраауан аԥсуа ҵарауаа рыстатиақәеи ржурналқәеи акьыԥхь рарбараҿы. Акы рдицхрааит аԥсуа ҵарауаҩ Ш. Д. Инал-иԥа иҭыҵыз ишәҟәы «Вопросы этнокультурной истории абхазов» ҳәа хыс измаз иахҟьаны иӷәӷәаз авба ахьирҭаз аҟнытә. Иара убас иџьабаа дуқәа ируакуп Аԥсны ахәынҭқарра даныпрезидентха ижәлар рыԥсҭазаараҿ ихадара дуны иҟалеит Аԥсны анаука Академиа аԥҵара.
|
Уи иџьабаа кыр ишарацәазгьы ижәлар рҿаԥхьа, имаҷым иџьабаа аҭҵааратә усурақәа рыҿгьы.
|
Иҭҵааратә усурақәеи имонографиақәеи иреиоуп:
|
Ардзинба В. Г. Ритуалы и мифы древней Анатолии / отв. ред. В. В. Иванов. — М.: Наука: Главная редакция восточной литературы, 1982.
|
Маккуин Дж. Г. Хетты и их современники в Малой Азии / под ред. и послесловие В. Г. Ардзинба. — М.: Наука, 1983
|
Пиотровский Б. Б., Иванов В. В., Ардзинба В. Г. Древняя Анатолия. — М., 1985
|
Ардзинба В. Г. К вопросу о хеттском царе и «царице-матери» // Сборник статей преподавателей и аспирантов Сухгоспедиинститута. — Сухуми: Алашара, 1970. — С. 86—107.
|
Ардзинба В. Г. Заметки к текстам хеттских ритуалов // Вестник древней истории. — 1977. — № 3. — С. 118—132.
|
Ardzinba V. G. Some Notes on the Typological Affinity Between Hattian and North-West Caucasian (Abkhazo-Adygian) Languages. In: "International Tagung der Keilschriftforscher der sozialistischen Länder" (англ.) // Zusammenfassung der Vorträge. — Budapest, 1974. — 25 April. — P. 10—15.
|
Ардзинба В. Г. Некоторые сходные структурные признаки хаттского и абхазо-адыгского языков // Переднеазиатский сборник. — М.: Наука: Главная редакция восточной литературы, 1979. — Т. III: История и филология стран Древнего Востока. — С. 26—37.
|
Ардзинба В. Г. Хурритский рассказ об охотнике Кесси // Кавказско-ближневосточный сборник. — Тб., 1984. — Вып. VII. — С. 61—73.
|
Ардзинба В. Г. Нартский сюжет о рождении героя из камня // Древняя Анатолия. — М.: Наука, 1985. — С. 128—168.
|
Ардзинба В. Г. Из наблюдений над §168 хеттских законов // Šulmu. — Prague, 1986.
|
Ардзинба В. Г. Хеттская дипломатия // Межгосударственные отношения и дипломатия на Древнем Востоке. — М., 1987. — С. 90—131.
|
Ардзинба В. Г. Послесловие // О. Герни. Хетты. — М.: Наука, 1987. — С. 192—222 руды Абхазского государственного университета. — 1987. — Т. 5. — С. 131—135.
|
Ардзинба В. Г. Хеттская культура, религия и искусство // История Древнего Востока, часть вторая. — М., 1988.
|
Ардзинба В. Г. История Малой Азии // История стран Востока. — М.: Высшая школа, 1988.
|
Ардзинба В. Г. К истории имени, функции и образа общезападнокавказского бога кузнеца // Медные рудники Западного Кавказа III-I тыс. до н.э. и их роль в горно-металлургическом производстве древнего населения. Тезисы докладов Башкапсарского полевого археологического семинара. — Сухуми, 1988. — С. 62—64.
|
Ардзинба В. Г. К истории культа железа и кузнечного ремесла (почитание кузницы у абхазов) // Древний Восток: этнокультурные связи. — М.: Наука: Главная редакция восточной литературы, 1988. — С. 263—306.
|
Ардзинба В. Г. Цивилизации древней Малой Азии // Древние цивилизации. — М.: Мысль, 1989 бхазоведение. Язык. Фольклор. Литература. — Сухум, 2006. — Вып. II. — С. 128—137.
|
В. Арӡынба иҭҵааратә усумҭақәа зегьы инхоит хьтәы рахәыцны аԥсуаа рыԥсҭазаараҿы.
|
Иполитикатә усура Асовет аамҭазы
|
В. Арӡынба 1989 ш. инаркны 1991 ш. дыҟан СССР жәлар депутатны, иара убас СССР Иреиҳаӡоу Амилаҭтә хеилак алахәылас. Уаҟа диабдруеит академик А. Сахоров. Уи иабадырра В. Арӡынба иԥсҭазаараҿ даара анырра ду ҟанаҵеит.
|
Актәи иқәгылараҿ жәлар депутатцәа рысездаҿ В. Арӡынба иқәиргылеит азҵаара имаҿу амилаҭқәа реиқәырхара ититултәу амилаҭқәа СССР иалоу 15 ҳәынҭқарра рҿаԥхьа. Уи ицәажәараҿ ирылеиҳәоит рыбжьара иҟаз аиқәшаҳаҭра иахәаԥшны автономтә республикақәа аҳәынҭқарра дуқәа ирылҵны рхала иҟаларац азы. Иара убас уи иҿцәажәараҿ иааган ҿырԥштәыс Аԥсны ССР Қырҭтәыла ССР 1921-1936 ш.ш. ирибжьаз аиқәшаҳаҭра.
|
Аԥсны аполитикатә напхгара
|
1990 ш. В. Арӡынба далхын Аԥсны Асср иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс. Убри аамҭазы Қырҭтәыла иреиҳаӡоу Асовет иҟанаҵеит алаҳәара автономтә Милаҭәқәа раԥыхра аҳәынҭқарра аҩныҵҟа. 1992 шықәсазы Аԥсны иҟанаҵеит аҭак 1972 шықәсазтәи аконституциа амчра шацәыӡуа, 1925 шықәсазы ирыдкылаз аконституциа аҽазнык амчра шаиоуа, уа ишазгәаҭаз ала Аԥсны иашьаратә республикан СССР иахьалаз.
|
СССР аилаҳамҭаз В. Арӡынба дықәгыланы ирылаиҳәоит зхы иақәиҭу ҳәынҭқарран иҟаларц азы, иара убас уи иҟаиҵеит раԥхьатәи ашьаҿақәа Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиҟарара рымазарц.
|
В. Арӡынба 1992-1993 шықәсқәа рзы дҟаҵан Аҳәынҭқарра акомитет амилаҭ - хақәиҭтәра азықәԥара ахантәаҩыс. Ақырҭуеи-аԥсуеи реибашьра алагамҭаз В. Арӡынба ижәлар рахь иҟаиҵоит ааԥхьара: «Мы должны выстоять в этот трудный час, и мы выстоим, мы нанесем поражение тем, кто сеет смерть и разрушение в Абхазии».
|
Арҭ иажәақәа рнаҩс В. Арӡынба ижәлар ириҭоит адҵа инаскьарц аӡиас Гәмысҭа аладахьы ақалақь Аҟәа ааха ӷәӷәа амоурц азы. Аха усҟантәи аамҭаз Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара иҟаз аиҿцәажәара лыҵшәадахеит, ақалақь иаиоуит ааха ӷәӷәа.
|
Аибашьра анеилга ашьҭахь В. Арӡынба ишьаҿақәа еихигоит Урыстәылеи Аԥсни реизааигәахара, иара убас урҭ аиқәшаҳаҭра рыбжьаларц Урыстәыла ар аганахь ала.
|
1994 шықәсазы абҵарамза 26 рзы 12 тәи асесиаҿы ирылаҳәан зхы иакәиҭу ҳәынҭқарранны аҟалара иагьԥҵан иҿыцу аконституциа. Уи иақәшәо Аԥсны иҟалеит ипртзидентә ҳәынҭқарран. Иаразнак асовет аӡбарала, усҟантәи аамҭаз хантәаҩыс иҟаз, В. Арӡынба Аԥсны аҳәынҭқарра президентыс далхын. Уи ашықсан 1997 ш. ԥхәынчкәынмза 6 идикилеит аиноугурациа.
|
Урыстәыла Афедерациа ашәарҭара амаӡаныҟәагаҩ ихаҭыԥуаҩ Борис Березовски изныкымкәа иҽазышәахьан иазаагара, аха зегьы лыҵшәадахеит. Иара хаҭала, мамзаргьы усҟантәи аамҭаз имаз хантәаҩс Анри Џьергьениеи иареи иалахәын ақырҭуеи-аԥсвеи реидыслара аҭышәантәалара иазкыз аиҿцәажәарақәа ООН абжьа ҟазареи Урыстәылеи рыбжьара.
|
1999 шықәсазы жьҭаарамза 3 рзы раԥхьатәи жәларзегьтәи абжьыҭираан В. Арӡынба аҽазнык далхын Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас.
|
Аԥсны раԥхьаӡатәи ахада иԥсҭазаара алҵра
|
Аха иоуз ачымазара иахҟьаны, уи дзазымиааикәа иԥсҭазаара далҵуеит 2010 ш. хәажәкырамза 4 рзы. Уи даара итрагедиа духеит аԥсуа жәлар рзы. Уи анышә дамадоуп дахьиз дахьааӡаз Ешыра ақыҭа, иԥсадгьыл аҵеицәа рааигәара.
|
Иԥшәма — Светлана Ирадион-иԥҳа Џьергениа;
|
Иԥҳа — Мадина.
|
Моя жизнь (1945—2010). Воспоминания — Аҟәа. Фонд Первого Президента Республики Абхазия, 2018. — 512 с.
|
Официальный сайт памяти Владислава Ардзинба
|
ПРЕЗИДЕНТЫ АБХАЗИИ — Владислав Ардзинба (1994—2005)
|
Лаҵарамза 14 рзы ииз
|
Хәажәкырамза 4 рзы иԥсыз
|
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа — 1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара 12-тәи ааԥ(ареферендум) аан ирыдыркылаз аԥсахра алагаланы.
|
ақ. Аҟәа, 2001 ш.
|
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АКОНСТИТУЦИА
|
Ҳарҭ, Аԥсныжәлар, ҳхатәҳәаақәҵаратә зин аԥсҭазаара иаларҵәо, жәлары зегьы рзы насыԥла аԥсҭазаареи аҩнуҵҟатә гәҭынчреи ҳарзықәԥо, ауаҩытәыҩса изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәареи шьақәырӷәӷәо, гәеизҳарала ирылаҳҳәоит, егьышьақәҳаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа.
|
АКТӘИ АХЫ. АКОНСТИТУЦИАТӘ ШЬАҚӘГЫЛАШЬА АШЬАҬАҚӘА"Аԥсны" ("Аԥсны Аҳәынҭқарра"), "Республика Абхазиӷ" ҵакыла акоуп, еиҟароуп.
|
АХӘҬАҶ 2. Ажәлармчра - Аԥсны аҳәынҭқарратә мчра шьаҭас иамоуп. Аԥсны асуверенитет ныҟәгаҩыси уи амчра хыҵхырҭаси иамоу Аԥсныжәлар роуп. Ажәлар рымчра аԥсҭазаара иаладырҵәоит дара рхала ма рхаҭарнакцәа рыла.
|
АХӘҬАҶ 3. Аԥсны - жәларбжьаратәи азин иалахәу-егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи иареи рыбжьара ишьақәнаргылоит аиқәшаҳаҭратә еизыҟазаашьақәа. Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵашьеи, акьыԥхь рарбашьеи, рышьақәырӷәӷәашьеи, рԥыргашьеи шьақәыргылахоит закәанла.
|
АХӘҬАҶ 4. Аԥсны шьақәгылоуп араионқәеи (Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи, Гәылрыԥшьтәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи) ақалақьқәеи (Гагра, Гәдоуҭа, Афон Ҿыц, Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал) зҵазкуа аҭоурыхтә дгьылқәа Саӡны, Бзыԥын, Гәма, Дал-Ҵабал, Абжьуа, Самырзаҟан рыла. Аԥсны иаку, лакьысра зқәым, зыцәгара ҟамло тәылоуп.
|
АХӘҬАҶ 5. Адгьыли егьырҭ аԥсабаратә аагарҭақәеи ажәлар ирхатәуп, Аԥсны аҩнуҵҟа урҭ рхы иадырхәоит егьырыхьчоит ажәлар рыԥсҭазаареи рџьауси шьаҭас изларымоу ала. Аԥсабаратә аагарҭақәа рныҟәгашьеи рхархәашьеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рҭыԥ иқәҵахоит Аԥсны азакәанқәа рыла.
|
АХӘҬАҶ 6. Аԥсны ҳәынҭқарра бызшәас иамоуп аԥсуа бызшәа. Аурыс бызшәа, аԥсуа бызшәа инаваргыланы, аҳәынҭқарратәии егьырҭ еиуеиԥшым аусҳәарҭақәеи рыҟны ахархәара амоуп. Аԥсны иқәынхо егьырҭ ажәлар гәыԥқәа зегьы рхатәы бызшәа иақәиҭны ахархәара аҳәынҭқарра азин рнаҭоит.
|
АХӘҬАҶ 7. Аҳәынҭқарратә мчра Аԥсны имҩаԥгахоит азакәанԥҵаратәи, анагӡаратәи, аӡбаратәи мчрақәа рыла еихшаны. Азакәанԥҵаратәи, анагӡаратәи, аӡбаратәи - ихьыԥшым мчрақәоуп.
|
АХӘҬАҶ 8. Аԥсны ахархәара аманы иршьоит иагьалдыршоит аҭыԥантәи ахаланапхгара, иара азинмчхарақәа рыҩнуҵҟа ахақәиҭра аманы. Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа реилазаара иалаӡам.
|
АХӘҬАҶ 9. Абри Аконституциа иреиҳаӡоу азинтә мчра амоуп. Аԥсны ирыдыркыло азакәанқәеи егьырҭ азинтә нҵақәеи Аконституциа иашьашәалазароуп.
|
АХӘҬАҶ 10. Аԥсны ахатә ҳәынҭқарратә символика амоуп - аҳәынҭқарратә бираҟ, адырга, ахьыӡрашәа - урҭ шеиқәыршәатәу шьақәдыргылоит Аконституциатә закәанқәа рыла. Аҟәа (Сухум) - Аԥсны иаҳҭнықалақьуп.
|
АҨБАТӘИ АХЫ. АУАҨИ АТӘЫЛАУАҨИ РЗИНҚӘЕИ РХАҚӘИҬРАҚӘЕИ
|
АХӘҬАҶ 11. Аԥсны рықәшаҳаҭуп егьахьчоит ауаҩы изинқәа Еицырзеиԥшу Адекларациеи, аекономикатә, асоциалтә, аполитикатә, акультуратә, атәылауаҩратә зинқәа ирзынархоу Жәларбжьаратәи Апактқәеи, иара убас егьырҭ еицеиқәшаҳаҭны ирыдыркылахьоу жәларбжьаратә-зинтә нҵақәа зегьы рыҟны иарбоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи.
|
АХӘҬАҶ 12. Ауаҩы ицшоуп ихадароу азинқәеи ахақәиҭрақәеи. Дарбанзаалак ауаҩы дшоуп ихы дақәиҭны. Азакәани аӡбареи рҿаԥхьа зегьы еиҟароуп милаҭлеи, хаҵалеи, ԥҳәыслеи, бызшәалеи, хылҵшьҭралеи, маллеи, маҵуралеи, нхарҭа ҭыԥлеи, динлеи, дунеихәаԥшышьалеи, идеологиалеи, цәаԥшшәахәылеи ҳәа еилых ҟамҵакәа.
|
АХӘҬАҶ 13. Ауаҩы ԥсабарала имоуп аԥсҭазаареи, ахақәиҭреи, ахатә мали, аӡә диламкьысуа аҟазаареи рзин.
|
АХӘҬАҶ 14. Дарбанзаалак ауаҩы ихатә ԥсҭазаареи, ихатәи, иҭаацәаратә маӡеи, ихьӡ-иԥша ахьчареи, инамыси, идинхаҵареи, ирҿиаратә уси, ихәыцреи, иажәеи, идунеихәаԥшышьеи дрықәиҭуп.
|
АХӘҬАҶ 15. Дарбанзаалак ауаҩы ирҳәацә ХӘҬАҶ 16. Дарбанзаалак ауаҩы дақәиҭуп дахьцо-дахьаауа, иҭыӡҭыԥ алхра, шәҟәыла-быӷьшәыла, егьырҭ ацҳаражәҳәарақәа рыла аимадара амаӡа.
|
АХӘҬАҶ 17. Ауаа зегьы ахеидкылареи, аҭынчратә еизарақәеи, аицымҩасрақәеи рымҩаԥгара азин рымоуп.
|
АХӘҬАҶ 18. Аконституциатә шьақәгылашьа мчыла аԥсахра, аҳәынҭқарра ашәарҭа аҭаргылара, бџьарла еибыҭоу архәҭақәа реиҿкаара, ауаа социалла, милаҭла, динла реичырчара хықәкыс измоу ауаажәларратә хеидкылақәеи, апартиақәеи, аҵысрақәеи реиҿкаара ҟалом.
|
АХӘҬАҶ 19. Дарбанзаалак ауаҩы дрықәиҭуп аҩны-агәара, аекономикатә, аџьатә хақәиҭра, аҵарадырра, аԥсшьара, ахәшәтәыратә цхыраара, асоциалтә маншәалара.
|
АХӘҬАҶ 20. Ауаҩы иҩны-игәара лакьысра ақәым. Аӡәгьы азин имам, изтәу дазыразымкәа, иҩны аҩналара, закәанла ианышьақәыргылои аусӡбара азин анинаҭои рыда.
|
АХӘҬАҶ 21. Дарбанзаалак ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи аҳәынҭқарреи аусӡбареи ишырыхьчо ала агәрагара имазароуп.
|
АХӘҬАҶ 22. Аԥсны аус ауеит ахарадара апрезумпциа. Ахара здырҵо хара имам хәа дыԥхьаӡоуп, ахара шиду еилкаахаанӡа, азакәантә мчы зоухьоу аусӡбаратә лахьыҭарала ишьақәыргылахаанӡа. Ахара здырҵо ахара шидым ашьақәырӷәӷәара иара иуалӡам.
|
АХӘҬАҶ 23. Дарбанзаалак иаанкылоу ма иҭакыу ауаҩы, данааныркыла ма данҭарк инаркны, азин имоуп адукат ицхыраара ихы иаирхәар, азин имоуп иара убас идукат дыҟамкәа иҿахәы римҭар.
|
АХӘҬАҶ 24. Иҟаиҵаз ацәгьоуразы аҵыхәтәантәи ахарадҵарала ахара здырҵахьоу дарбанзаалак иара убри ацәгьоуразы еиҭа иусӡбара залшом.
|
АХӘҬАҶ 25. Аҭакԥхықәра шьақәзыргыло ма изырымчуа азакәан ҿыц ииасхьоу аус аилыргараан мчы амаӡам.
|
АХӘҬАҶ 26. Дарбанзаалак азин имоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи амаҵурауааи закәандарала иахьизныҟәаз иахҟьаны иоуз аԥырхага аҳәынҭқаррала ахарҭәаара.
|
АХӘҬАҶ 27. Аԥсны атәылауаҩ ҳәа иԥхьаӡоу ари ахьӡ зихыххом, итәыла дзалцахом, насгьы даҽа ҳәынҭқаррак дзаҭахом.
|
Аԥсны иара атәылауаа агәра днаргоит, урҭ атәыла анҭыҵгьы ишахьчо, ишырхылаԥшуа.
|
АХӘҬАҶ 28. Жәаа шықәса зхыҵыз Аԥсны атәылауаҩ абри Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи ишьақәдыргылаз азинқәеи ауалԥшьақәеи зегьы инагӡаны инапаҿы иҟоуп.
|
АХӘҬАҶ 29. Аԥсны атәылауааи уи иқәынхо зегьи ируалуп азакәан инақәыршәаны ашәахтәқәа ршәара.
|
АХӘҬАҶ 30. Аԥсны иҟоу дарбанзаалак иуалуп Аԥсны азакәанқәеи Аконституциеи рықәныҟәара.
|
АХӘҬАҶ 31. Дарбанзаалак ауаҩы иуалуп егьырҭ ауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи ҳаҭыр рықәҵара.
|
АХӘҬАҶ 32. Дарбанзаалак ауаҩы иуалуп иааикәыршаны иҟоу аԥсабара аи3аҳареи ахьчареи.
|
АХӘҬАҶ 33. Аԥсадгьыл ахьчара Аԥсны атәылауаа зегьы ируалԥшьоуп.
|
АХӘҬАҶ 34. Аконституциаҿы иалкаау зинқәак реиқәыԥхьаӡара иаанагом ажәларбжьаратә-зинтә нҵақәа рыла еицрыдыркылаз егьырҭ азинқәа мап рыцәктәуп ма иларҟәтәуп ҳәа.
|
АХӘҬАҶ 35. Аԥсны ирыдрымкылароуп егьҭырмыжьроуп ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи аԥызхуа ма илазырҟәуа закәанк иадамхаргьы.
|
Азинқәеи ахақәиҭрақәеи рыԥкрақәак алагалазар ҟалоит конституциатә закәан мацарала Аконституциатә шьақәгылашьа ахьчаразы, ашәарҭадареи ауаажәларратә еиҿкаареи рырӷәӷәаразы, ауаҩы игәабзиареи инамыси рыхьчаразы, иара убасгьы аԥсабаратә рыцҳарақәеи, и3ыдоу ма аибашьратә ҭагылазаашьеи раан.
|
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.