text
stringlengths
1
96.5k
Чабырхәа (Цхьенҵҟар) (аԥсуаа)
Серге́и Уаси́л-иԥа́ Бага́ԥшь (; , Аҟәа — , Москва, Урыстәыла) — Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада (2005-2011 шш).
Диит хәажәкырамза 4 1949 шықәсазы Аҟәа ақалақь Уасили Шушанеи рҭаацәараҿы. Уи иаб иабду амҳаџьырра зыхганы иааз дреиуан. Ихьӡын Раџьаԥ. Иара Ҭырқтәылатәи Аԥсныҟа дхынҳәит XX ашәышықәса алагамҭаз. Иабду ихьӡын Саид. Уи иҭаацәеи иареи 1928 шықәсазы нхара диасуеит џбынџьла иахьатәу Џьгьарда ақыҭа Очамчыра араион.
10 тәи Ашьхарыуаа рышкол даналга ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи ақыҭанхаҩтә асубтропикатә институт аограном изанааҭ ала. Уи аҵара бзианы иҵон, убри инамаданы аусгьы иуан, аԥхьа аус иуан аҩыҟаҵарҭатә завод аҿы. Нас аус иуан аҳәынҭқарратә банкаҿ инкосатырс. Истудентә ԥсҭазаараҿ бзиа ибон аспорт, дыҟан капитанс Аԥсны еидкылаз амҵәышәмпыл асраҿы.
1972 ш. Москватәи ақыҭанхамҩатә аҟәша аефирхәшат совынхара еиҳабыс. 1973-1974 шш. рзы дахысит аррамаҵура. Уи далган данаа ашьҭахь дҟаҵан Аԥснытәи абком акомҿар рымҩақәҵаҩ еиҳабыс.
1978 ш. Сергеи Багаԥшь дҟаҵан еиҳабыс Қырҭтәылатәи аинформациатә сектор аҿы, иара убас уи инадҳәалан дҟаҵан аҿар рқыҭанхамҩатә усуҩ еиҳабыс.
1980 ш. дыҟан Қырҭтәыла ВЛКС Аԥснытәи аобком маӡаныҟәгаҩс.
1982 ш. Сергеи Багаԥшь дахаргылан Очамчыратәи РК Қырҭтәыла КП актәи амаӡаныҟәгаҩыс.
1989 ш. далахәын Аԥсны имҩаԥысуаз аилыхара. Уи аилыхараҿ иоуит ахәара. Уи аилыхара дахьылахәыз азы имхын ипартиатә маҵура.
1989-1991 шш. дыҟан Аԥсны Аҳәынҭқарратә АССР агроаалыхратә аилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩс.
1992 ш. С. Багаԥшь дҟаҵан Совмин 1 тәи ихаҭыԥуаҩ ихантәаҩыс. 1992-1993 шш. ақырҭуа-аԥсуа реидыслараҿ актәи амшаз Аҟәа иалахаз аԥсуа ҭаацәара рхәҷқәеи дареи ралгара дацхрааит. Уи имҩаԥигон аиҿцәажәара ақырҭуеи-аԥсуеи реидыслараҿ. Иара убас уи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан Аҟәеи Қарҭи ақалақьқәа рҿы. Раԥхьатәи аидысларақәа рҿы С. Багаԥшь ихы зызкыз ижәлар ишахәҭаз џьаԥҳанылеи, амедикамент маҭәахәқәеи, абылтәи рыла реиқәыршәара акәын. Уи имҩаԥигон аиҿкааратә усқәа мраҭашәаратәи Урыстәылеи Нхыҵ-Кавкази хатәгәаԥхарала иааз рыбжьара. Изныкымкәа далахәын ақырҭуеи-аԥсуеи реидыслара аиныршәараҿ.
Аибашьра ашьҭахь аминисторцәа рсовет аилазаареи 1 тәи ихаҭыԥуаҩ ахантәаҩыс Аԥснынтәи дышьҭын Москваҟа, Урыстәылатәи аҳәынҭқарреи Аԥсны аицхыраара рыбжьалараҿ аиқәшаҳаҭрақәа мҩаԥигон, иара убас уа иҟаз аԥсуаа рыцхырааразы.
1995 ш. В. Арӡынба идҵала иара дҟаҵан Аԥсны Ахәынҭқарра 1 тәи ипремиер ихаҭыԥуаҩс.
Аԥсны Аҳәынҭқарра данахагылаз
2004 шықәсазы Аԥсны еиҿкаахеит зегь реиҳа иӷәӷәаз аоппозициа. Иеҿкааз аоппозициа усҟаитәи аамҭаз рҽеидыркәлеит аԥсуа политикцәа С. Багаԥшь А. Анқәаб, иара убас урҭ ирдгылеит азеиԥш-политикатә партиақәа „Амцахара“ „Аԥсны акзаареи“.
Аԥсны ахада иалыхраҿ 2004 ш. В. Арӡынба ишьҭрамдаҩс дҟаиҵоит Р. Ҳаџьынба, аоппозици аҟынтәи дқәдырӷылеит С. Баӷаԥшь.
Уи икандидатуратә планаҿ хықәкы хадас иман итәылаҿ иҟаз авторитаризмра аԥыхра, 11 шықәса инеиԥынкыланы иҟаз.
2001 ш. жьҭаарамӡа 3 рзы имҩаԥгаз абжьыҭырақәарҿы 50,06% аиҳара иманы ажәлар далырхуеит С. Баӷаԥшь. Аха усҟантәи аамҭаз атәлаҿ иҟалоит аибарххара змаз аҭагылазаашьа. Актәи ахада В. Арӡинбеи иара ишьҭрамдаҩи Р. Ҳаџьынба мап ацәыркуеит атәылаҿ имҩаԥгаз абжьыҭирақәа рлыҵшәа азхаҵара. Уи инашьҭарххан Аԥсны иреиҳау аӡбарала ицбан аҩынтәраан абжьыҭырақәа атәылаҿ рымҩаԥгара. Урыстәлатәи абжьаҟазаҩцәа рыӡбарала еизааибаганы 2004 ш. жьҭаарамза 3 рзы имҩаԥгаз абжьыҭырақәа рлыҵшәа аԥыхын. Ирыдкылан азакәан аҩынтәраантәи абжьыҭирақәа. Имҩаԥган ажьырныҳәамза 12 2005 шықәсазы. Аха усҟан иҟалаз аҭагылазаашьа аҭышәантәаларыз иӡбан аҩџьагь акандидатцәа еидгыланы еиҵцарц. С. Багаԥшь Аԥсны ахада иаҳасабала, Р. Ҳаџьынба уи ихаҭыԥуаҩс.
Ҿыцны ишьақәыргылаз абжьыҭира Багаԥшьи Ҳаџьынбеи ртандем иаиоуит абыжьқәа рацәаны. Аԥсны алхратә центыр ишышьақәнаргыло ала, абжьыҭираҿ рҽаладрхәеит 75719 ауааԥсыра, иара иапонент Иакуб Лакоба - 3549. Жәабранымза 12 2005 ш-зы иҟалеит С. Багаԥшь иинаугурациа.
2006 ш-зы ифакттәу аҳәааҿы Қырҭәылеи Аԥсни рыбжьара аҭагылазаашьа аҽазнык иуадаҩхеит. Ԥхынгәымза 25 2006 ш. аиҳабыраҿагылара иҟаҵаз арзаҳал ашьҭахь Емзар Квициани Қырҭтәылатәи аполициеи иалагеит Кәдрытәи Аҩхаа хыхьтәи ахәҭа Чхалҭа ҳәа иахьашьҭаз Аԥсны иалцаз анкьатәи ахадара Қырҭәыла иҟоу уахь рнагара хыркәшан ԥхынгәымза 27 2007 ш-зы.
С. Багаԥшь бзиа ибон ирацәаны аҭаҭынхара, аха аамҭа цацыԥхьаӡа игәамбзиара ианымԥшыр залымшеит. 2007 ш-зы мшаԥымзазы Аԥсны ахада ахәышәтырҭахь дышьҭаҵан иоуз ахьаа иахҟьаны. Адырҩаҽны уи дԥыруеит Москваҟа, иҽыхәышәтәра уа иациҵарац Багаԥшь аԥхьа ихәыԥшит Росдрав акардиологиатә наука ҭҵааратә хәышәтәырҭа, уахьынтәи диаган ихадоу аклиникатә хәышәтәырҭахь, Урыстәыла Афедерациа напхгара ахьазиуаз. Абри зегь рышьҭахь Багаԥшь дызхәышәтәуз рдҵақәа рыла икаижьыр акәхоит бзиа иибоз аҭанынхара.
Цәыббрамза 20 2007 ш-зы гәыԥҩык ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Тҟәарчал араион иҟаз арра зхызгоз асолдаҭцәа ргәыԥ иақәлеит, иара убри ашықәсан жьҭаарамза 30 СНГ аҭынчрашьақәыргыларатә бжьаҟазаратә мчқәа ақырҭуа полициеи, иара убас урҭ раҵкыс џьарла еибыҭаз Қырҭтәыла аспецнази ирықыланы рабџьар рымырхуеит. 2008 шықәса алагамҭаз Қырҭтәылатәи ар Аԥсны аҳәаа иазааигәаны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Урҭ уахьынтәи лассы-лассы Аԥсны атерриториа иахаԥраауа иалагеит аҳаирыпланқәа аԥырҩы дзықәтәам. Хәажәкырамза 18 мшаԥымза 20 рзы Аԥсны ашәарҭадара ацәаҳәа ааигәара икажьын ԥырҩыда иԥыруаз аҳаирыпланқәа. 2008 ш-зы ԥхынгәымза 25 рзы С. Багаԥшь официал визитла дцоит Москваҟа, урҭ уа Урыстәыла ахадеи иареи ирыцәалажәон Аԥсны ихьыԥшу ҳәынҭқарран азхаҵара. Ари ажәабжь ираҳаз ақырҭуа ҳәынҭқарра иаразнак иҽим анеготивтә реакциа рнаҭеит.
2008 ш-зы Аахыҵ Уаԥстәыла иҟаз аидыслара ӷәӷәаан С. Багаԥшь дыҟан Аԥсны ихадоу абџьаршьҭыхратә мчы дахаданы. Ари аибашьраҿ Аԥсны имҩаԥнагон Аахыҵ Уаԥстәылаҿ аганахь ала аибашьратә хырхарҭа, Қырҭтәылатәи ар абжа аганахь инаган. Ари ажәылараҿ нанҳәамза 9-12 нӡа Аԥсны ишьаԥнаргылеит Кәыдры аҩхаа атериториа зегьы ахылаԥшра аманы. Уи Қырҭтәылатәи аполициеи, иара убас Аԥсны иалцоу анкьатәи ахадара ахаҭарнакцәеи рҟынтәи ихы иақәиҭтәын.
Д. Медведеви, Едуард Какоиты, С. Багаԥшьи, Кремль реиԥылара
С. Багаԥшь инапы иаҵаиҩуеит ф-принципк аҭышәантәалараз.
Нанҳәамза 14 2008 ш-зы Д. Медведеви, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Е. Какоитеи реиԥылараҿ инапы аҵеиҩит ф-принципк Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи, иара убас ақырҭуа-аԥсуеи реидыслара аҭышәантәалара, заа Медведеви Саркози аус здырулахьаз.
2008 ш-зы нанҳәамза 21 Аԥсны апарламент ахадара аҳәара ҟанаҵоит УФ Апрезидент иахь, иара убас уи аҳәара ҟанаҵоит Урыстәыла Афедерациа адума ашҟа Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы. Нанҳәамза 25 Афедерациа ахадара УФ иара убас Аҳәынҭқарра адума УФ еицҿакны ирыдыркылоит Урыстәыла ахада Аԥсны азхаҵаразы иҟаиҵаз алагала. Нанҳәамза 26 Урыстәыла ахада Дмитри Медведев инапы аҵаиҩуеит аусԥҟа, «Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверинитету ихьыԥшымны иҟазарц», уи иӡбоит адипломаттә аиҩызареи аус еицуреи, ацхыраареи аиқәшаҳаҭра рыбжьазарц. 2008 ш-зы цәыббрамза 4 Аԥсны ахьыԥшымра иаиоуз иазханаҵоит Никарагуа, уи аамышьԥихь жьҭаарамза 10 2009 ш-зы Аԥсны ахьыԥшыра азханҵоит Венесуела атәыла.
2009 ш-зы ԥхынҷкәынмза 12 Аԥсны иҟалеит аҩыбатәи абжьҭира, аҽазнык С. Багаԥшь аиааира иганахь иҟалоит. 2010 ш-зы жәабранмза 12 уи идикылоит аиногурациа.
2010-2011 шш.-рзы С. Багаԥшь хықәкыла дазҿлымҳан Аԥсны жәларбжьаратәи аҳәынҭқаррақәа иазхарҵац 2010 ш-зы уи дырҭааит атәылақәа Урыстәыла, Куба, Венесуела, Никарагуа, уи урҭ рыбжьара имҩаԥигон аиҿцәажәарақәа.
Ичымазареи иԥсҭазаара алҵреи
Мшаԥымзы 2011 ш-зы С. Багаԥшь Ҭырқтәыла иҟоу адиаспора рааԥхьарала дцоит хатәы визитла. Уи аҽны Ҭырқәтәылатәи Аҳәаанырцәтәи Аусқәа рминистрра иҟанаҵеит алаҳәарақәа уи иаара игәамбзиара ишадҳәалаз. Лаҵарамза 21 Багаԥшь Урыстәылатәи Франциатәи аспециалистра Москватәи аклиникатә хәышәтәырҭаҿ №83 дышҭан. Уи игәамбзиара аҭагылазаашьа иҟаз ала, ишьақәаргылан Аԥсны ахада ирыԥҳа акиба шамаз.
Лаҵарамза 27 ауха Аԥсны ахада Багаԥшь игәабзиара зынӡа ицәгьахоит. Уи ацхыраара ӷәӷәа шимазгьы, ичымазара дзазымиааикәа лаҵарамза 29 2011 ш-зы идунеи иԥсахуеит.
2011 ш-зы лаҵарамза 30 Москва Урыстәыла абџьаршьҭыхратәи мчы акультуратә центыр аҿы имҩаԥысит атәылауаҩратә панахида, аҵыхәтәантәи инаскьагараз даҭааит Урыстәыла Федерациа Ахада Дмитри Медведев. Уи аҽны ауха Аҟәатәи аҳаирапланла Урыстәыла МЧС С. Багаԥшь иԥсыбаҩ ааган иԥсадгьылахь.
С. Багаԥшь уи нахыс рашәарамза 2 рзы аҵыхәтәантәи имҩаԥгара мҩаԥысуан Аҟәа дахьынхоз иҩны. Аԥсы дихаԥхьон Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәама амаӡаниҟәгаҩ аиреи Виссарион Аԥлиа. Уи ашьҭахь аԥсы диаргоит Аԥснытәи афилармониа ахан ахь, уа аҵыхәтәантәи инаскьагараҿ абзиараз ҳәа иарҳәарц иааит Аҩадатәи Кавказ ареспубликақәа делегациа, ахәҭак-ахьала иазхаҵоу Мраҭашәартәи Уаԥстәыла, иара убас иазхаҵам атәылақәа Нагорни Карабах, Преднестровиа ахаҭарнакцәа, Урыстәыла аделегациеи, иара убас Урыстәыла ацхаражәҳәаҩ аусзуцәа, иара убас аҵыхәтәантәи инаскьагараҿ дыҟан Урыстәыла аԥыза-министр В. Путин.
С. Багаԥшь дызҭаз акәыба Аԥсны Ахьчаратә Министрра почиотла лафетла Аҟәа амҩа иқәсит. Уи ашьҭахь С. Багаԥшь иԥсы ргоит иқыҭа гәакьахь Џьгьарда, уа анышә дамардоит иани иаби анышә иахьамадоу рааигәара.
Иԥшәма — Марина Григори-иԥҳа Шьониа, дақырҭуоуп, дҳақьымуп, Гал араион датәуп, занааҭла дхәышәтәҩуп;
Иԥа — Зураб, дмалырҳаҩуп;
Иԥҳа — Лиана, дҳақьымуп. Имоуп амаҭаацәа;
Ԥыҭҩык Аԥсни Урыстәылеи реиԥш, иара убас Аладагьы С. Багаԥшь ихцәажәон «акомпромисқәа дрызҟазан», еиҳа аҭагылазаашьа аныцәгьаз иара илшон зегьы ргәы нақәшәоз аҟазшьа аԥшаара аҩнкагьы ирнаалоз. Ари зегь реиҳа ихадаран ареспубликаз уи Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара адагьы, уи еиҳа ихадаран атәыла аҩныҵҟа иҟаз аҭагылазаашьа бааԥс аан. Иара Аԥсны хадас даныҟаз далагеит азҵаара аӡбара Урыстәыла атәылауаҩ ареспублика аҩнуҵҟа рҭагалара, иара убас Аԥсны атуризм ашьақәргылара, иара иаан акриминалтә ҭагылазаашьа атәыла аҩнуҵҟа ихысхахо иалагеит. Зегь реиҳа ихадараз урыстәылеи дареи ирыбжьаарҵаз адипломаттәи аекономикеи рганахьала ирыбжьалаз аус еицура. Багаԥшь Ҟырҭтәылеи дареи реизыҟазаашьаҿ иџьбарара иԥсахуамызт, аха Қырҭтәыла ахадара есааира ирыман даҽа гәаанахарак. Уи агәыӷра ақырҭуа наԥхгара ирымаз изыбзоураз иара Қырҭтәыла ССР акомсомол анаԥхгараҿ рус еицура акәын. Убри инадхәалан Багаԥшь иман агәаанагара ибзиоу аиҩызара рыбжьалараҵ ртәылеи дареи, аха уи ҟалон, урҭ Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵар.
С. Багаԥшь идҳәалоуп апериод Аԥсны аҭагылазаашьа аҭышәантәалара. Арӡынба иаамышҭахь атәыла даҭахын. Аԥсны усҟантәи аамҭаз даҭахын изҭагылаз аҭагылазаашьа бааԥс иҭынчроу аҭышәантәаларахь ииазгоз. С. Багаԥшь, иара зегь реиҳа еиӷьны дазнеит азҵаара азбараз.
Багаԥшь ижәлар рҿы аҳаҭыр ду иман, уи дивардыгылон В. Арӡынба. Даныԥсы ашҭахь еиунԥшьым аусҳәарҭақәарқәа рҿы исахьа зныз апотрети ашәҭ шьҵәрақәеи ықәгылан. Зегь реиҳа ахархәара аман раԥхьатәи Аԥсны ахада В. Арӡынбеи иареи 2005 ш-ры. еицтырхыз афото.
Е. Бебиа, «Путь мудрости и мужества», 2019
Сергеи Багаԥшь. Аофициалтә саит
Хәажәкырамза 4 рзы ииз
Лаҵарамза 29 рзы иԥсыз
Александр Золотинска-иԥа Анқәаб (; , Аҟәа, Аԥсны АССР, СССР) — Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза Министроуп. Иара 1952 шықәса 26 ԥхынҷкәынмза диит Аԥсны, Аҟәа. Ростовтәи Ауниверситет аҿы аҵара иҵеит. Нас аус иуеит рмаҵура уаҩыс Комсомол азын.
Александр Золотинска-иԥа Анқәаб диит 1952 ш. ԥхынҷкәымза 26 рзы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭа, амилиционер иҭаацәараҿ. Уи аҭаацәараҿ иара дреиҳабын.
Ихыҿратәи иқәыԥшратәи ашықысқәа ихигеит аҳҭнықалақь Аҟәа. Дилгоит Аҟәатәи №16 тәи ашкол. 1970 ш-рзы дҭалоит Ростовтәи Аҳәынҭқарратә университет аиуристә факультет. Аха иҭаацәартә ҭагылаазшьа иахҟьаны иҵара алгара аҿҳәараамҭа аанӡа далгар акәхоит. 1974 ш-рзы иоднокурскцәа раԥхьа аԥышәарақәа қәҿиарала иҭиуеит.
1975 ш иԥсадгьыл ахь даныхынхәлак Аԥснытәы аболостә комитет акомсомолтә абжьгаҩс дҟалоит Аԥснытәи АССР аминистерратә азиндыараҿ. Ԥыҭрак ашьҭахь дыиаргоит Қырҭтәыла ЛКСМ аоблосттә акомитет ахь, уи дыҟан амҩақәаҵаҩ имаҵураҿы насшәа дҟаҵан аҟәша еиҳабыс.
Уи ашьҭахь уи далхын Гәдоуҭа араион ЛКСМ маӡаныҟәгаҩыс.
1978 ш-рзы А. Анқәаб дҟаҵан РОВД амаҵура еиҳабыс.
Усҟантәи аамҭаз иара иқәԥшқәаз амаӡааныҟәгаҩцәа дыруаӡәкын. Иара иаамҭаз РОВД еиҳабыс даныҟаз еиҿкаан ахор. 1979 ш-рзы иреиӷьыз араион аколективтә хорқәа иреиуахеит.
1981 шықәса инаркны 1983 ш-нӡа, А. Анқәаб аус иуан Қырҭтәылатәи ССР ЦК акомпартиа еиуеиԥшым административтә усҳәарҭақәарҿ. 1984 шықәсарзы дҟаҵан Қырҭтәыла ССР аҩныҵҟатәи аусқәа аминистыр ихаҭыԥуаҩс.
1990 ш-зы лаҵарамзаз Қырҭтәылеи-Аԥсны рыҩныҵҟа иҟалаз аҭагылазаашьа иахҟьаны иҩеит арапорт. Уи ашьҭахь диасуеит Аҟәаҟа. Уи ашықәсан уаҳа џьаргьы аус иуӡамызт. Уи иажәақәа рыла ишиҳәоз изхара иуацәеи иҩзцәеи ибеит.
1991 ш-рзы А. Анқәаб далхын Аԥсны иреиҳаӡоу Асовет депутатыс. 1992 ш-рзы дҟаиҵан Аԥсны иреиҳаӡоу Асовет аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистырс. Ари инаԥхгара ҿыцаҿ иҟалеит аигәҭасра уcҟантәи аамҭаз наԥхьара азызуаз Гиви Ломинаӡе иареи рыбжьара. Уи иҟаиҵеит адҵара Анқәаб иаҭара зыршаҳаҭхаша Қарҭынтәи иааигарцаз. Уи ашықәсан лаҵарамза 24 рзы Аҟәатәи аҩныҟатәи аусқәа рхан аанкылан Аԥснытәи аҩныҵҟатәи ар В. Арӡынба наԥхгара зиҭоз рыла. А. Анқәаб убри ашықәсан Аԥсны аҩныҵҟатәи Министрс дшьақәырӷәӷәан. Аха аҵыхытәан Анқәаб иажәақәа рыла иара еиқәархеит Қырҭтәы аҩныҵҟатәи аминистрра анаԥхгареи иареи ирибжьаз аиҩзаратә еизыҟазаашьа. Маҷӡакгьы игәы еихьнашьуан уи Министырра инеира абас иаҳыҟьалаз:
А. Анқәаб 2011 ш-рзы ирылеиҳәаз адырраҿ 1992-1993 ш-рзы Аԥсны аибашьра аамҭаз, ицоз 431 мшы, аҩ-ганкгьы иалахәын 12-нызықьҩык ауааԥсыра, урҭ рахьынтәи иҭахеит 2700 инареиҳаны, 5-нызықьҩык инархыҳәҳәо ироуит ахәрақәа, 200 ауааԥсыра хабарда ибжьаӡыз ирхыԥхьаӡалоуп.
Цәыббрамза 27 1993 ш. Аҟәа ахақәыҭраан Аԥснытәи амчратә еилазаара Қырҭтәыла анаԥхгара усҟантәи аамҭаз Аҟәа иалахаз 17-ҩык ршәарҭадара рзеиқәмырхеит. Убри инархиҟьаны 1993 ш-рзы абҵараамза 8 рзы Анқәаб аҩныҵҟатәи аминистыр имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭын.
1994 ш. Анқәаб иҭаацәа иманы диасуеит Москваҟа анхара. Ирласны уа дҟалоит афирма «Инексбезопасности» аиҳабы ицхырааҩс, уи ашьҭахь еиуиԥшым абизнес усхкқәа дырҿын. Иара есааира дрылахәын ацхырааратә проектқәа. Уи ԥарала дрыцхраауан аԥсуа кәашаратәи ахори аколлективқәа. Анқәаб ицхыраарала Москва иҭыҵит ҩ-томк иҟаз аԥсуа поезиа иадҳәалаз ашәҟәы. Иара убас уи дрыцхрааит ԥыҭҩык аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рышәҟәқәа рҭыжьраҿ. Усҟантәи аамҭаз Аԥсны аҭагылаӡаашьа економикала имариамызт. Акыр ихьысҳан ашколқәа рҭагылазаашьа. Уи ибзоурала, ихатә харџь ахшәааны ишьақәыргылан иқыҭа гәакьа Хәаԥтәи абжьаратә школ. 1999 ш. ахәаԥшцәа изларбоз ала иара иакәхон В. Арӡынба аҳәынҭқарратә бжьыҭыраҿ иҿагылоз. Аха иалагалаз аценз аҭыԥинтәалара иахҟьаны уи икандидатура изықәыргылаӡом.
Иубилеи аҽны, ԥхынҷкәымза 26 рзы Анқәаб имаз ахәылԥаз мап ацәеикуеит. Москва ажурналистцәа дырзаԥхьоит акыраамҭа ицоз алекциа Аԥсны аполитикатә ҭагылаазашьа иҟаз иахҟьаны. Ажурналистцәа руаӡк игәалашәараҿ излазгәеиҭоз ала, уи аҽны иааҟәымҵӡақәа иасуаз имабилтә ҭел дагьазхьаԥшуамызт. Уи аҭак ҟаиҵеиз знык Урыстәыла апремиа зҽаԥсазтәыз аопера артист Хьыбла Гьерзмаа.
2003 ш-рзы А. Анқәаб дхынҳәуеит иԥсадгьыл ахь. Ара дахьааиз еиҿикаауеит усҟантәи аамҭа ихадараз азеиԥш-политикатә партиа «Аиҭаира» ҳәа хыс изауз. Аԥсны иҟалараны иҟаз абжьыҭирақәа Анқәаб иӡбеит ихатәы кандидатура ықәиргыларц. Абжьыҭыратә компаниаан уи диқәыз боит усҟантәи аамҭаз Аԥсны ипрезидентыз В. Арӡынба. Ишаазгәеиҭаз ала уи иҵакыреи иареи иашахәҭоу рус нарыгӡаӡом, атәылаҿ ишахәҭоу акорупциа ахы иақәиҭуп. Уи ишазгәеиҭаз ала Аԥсны аконституциеи Урыстәыла аконституциеи еизааигәаны ахатә закәан аманы иҟаларц. Цәыббрамзаз Анқәаб икандидатура абжьытира центраҿ мап ацәкын. Уи ҽыҵгас иҟарҵон акыршықәса итәылаҿ дахьнымхоз, иара убас уи абызшәа шидыруа аԥышәара мап ахьацәикыз, аха иҿыдоу алингвистә центра акомиссиа алахәылацәа иазхарҵеит абызшәа бзианы ишидыруа. Анқәаб абжьыҭираҿ икандидатура мап анацкха ашьтахь, апартиа «Аиҭаира» идгылоз ииасуеит С. Багаԥшь икандидатурахь. Анеҩсан абжьыҭирақәарҿ иара игоит аиааира, аха арҭ абжьыҭиираҿ иигаз ааиаира мап ацәкы ииашаӡам ҳәа. Ажьырныҳәамзазы 2005-ш-рзы имҩаԥгаз аҩбатәи абжьыҭирақәа рҿы аиааира агеит атандем, Аԥсны ахадас далхын С. Багаԥшь, Р. Хаџьынба далхын уи ихаҭыԥаҩс.
2005 ш-рзы жәабранмза 12 С. Багаԥшь икәгылараҿ ирылаҳәан Анқәаб премиер-министрс дшалху. Ари амаҵураҿы уи еиҳарак хықәкыра ззиуаз Аԥсны аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа акәын. Зегь раԥхьа иргылан уи хықәкыра ззиуа Аԥсны аекономика акәын, усҟантәи аамҭаз акыр даара ихьысҳаз. 2005 ш-рзы ԥхынҷкәынмза 7 рзы ЕАА Қырҭтәылеи рыцҳаражәҳәҩ Џьон Таффоти иареи реиԥылараҿ иҳәан атәыла абиудџьет ишамоу 644 миллион мааҭ, уи еиҳарак изызкыз ахьчареи аҩныҵҟатәи аҭахрақәи ракәын, иара убас ацитрустә експорт акыр имаҷхеит 110 нызықь тонн иҟаз илаҟәит 35 тонн рҟынӡа. Аԥсны иамаз аинфраструктура ихырбгалан аибашьраан, ма иумыхәо иажәын. Даара акыр ихьысҳан Аԥсны амуниципалтә ҭагылаазшьа, рҭагылазаашьа цәгьан афымцамҩгагақәеи. Урыстәылантәи аинвестициа атәыла иалалоз маҷк 60 миллион доллар инахыҳәон.
2008 шықәса алагамҭаз А. Анқәаб инапхгарала напаркын инарҭбаау ареконструкциатә усхкы Афон ҿыцтәи аманахҩны ашьақәыргылараз. Уи ишахәҭаз зегь рыла иргылан, амш цәгьақәа ирыхҟьаны аӡы иаҵалоз аанкылан.
Усҟантәи аамҭаз еиҿкааз апартиа «Аиҭаира» имчыдан, уи абжьыҭираан иарбаз апунктқәа акагьы азынамыгӡеит, уи аҳәамҭала изхҟьаз апартиа «Аиҭаира» иахьҳәынҭқарратәымыз ауп. Аԥсны аҳәынҭқар иалыхраан «Иаку Аԥсны» апартиа Анқәаб дықәнаргылеит апрезидент ихаҭыԥуаҩс, С. Багаԥшь президентс. Атандем иаиут 60% абыжьқәа актәи атураҿ, 2010 жәабранымза 15 инаркны Александр Золотинск-иԥа дыҟан Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩс. С. Багаԥшьи С. Шамбеи реиԥш Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Анқәаб Урыстәыла аҳәынҭқарра аҟынтәи имаӡамызт адгылара, аха зегь дарароуп иара имаз ажәлар рҟынтәи адгылара иахҟьаны илшеит С. Шамба ахԥатәи аҭыԥахь инаскьагара.
2011 шықәсазы лаҵарамза 21 азы Аԥсны ахада С. Багаԥшь иауз ачымазара бааԥс иахҟьаны аамҭала иара иакәын ахада иусқәа назыгӡоз. 2011 ш-зы лаҵарамза 29 рзы Аԥсны ахада иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ԥхынгәымза 29 рҟынӡа инаигӡон Аԥсны ахада аусқәа. Нас Аԥсны изаамҭанымкәа иҟалоз ажьыҭирақәа нанҳәамза 26 рза 2011 ш-рзы А. Анқәаб акандидатура ахьықәиргылоз аҟын, Аԥсны ахада иусқәа аамҭала ииасуеит Жәлар реизара аиҳабы Нугзар Ашәба иахь.
Ԥхынгәымза 25 рзы 2011 ш-рзы Аԥсны алхратә центртә комиссиа ашәҟәы иҭарҩит Анқәаб икандидатура Аԥсны аҳәынҭқарра иҭыԥан, уи ихаҭыԥуаҩс ашәҟәы дҭаҩын Гәлрыԥшь араион ахада усҟантәи аамҭаз Михаил Логуа. Алхратә штаб напхгаҩыс дҟаҵан Леонид Лакербаи. Анқәаб Аԥсны ахада иалхраҿ деиканҩуан асоциал демократиатә партиа ахада Сергеи Шамба, уи ихаҭыԥуаҩс шамиль Аӡынба, иара убас икандидатура ықәгылан аопозициатә партиа «Жәлар ракзаара афорум» ахада Р. Ҳаџьынба. Уи ихаҭыԥҩас дцон Светлана Џьергениа.
А. Анқәаб икандидатура ықәызыргылаз апартиақәа «Аиҭаира», «Аԥсны акзаара» раамышьҭахь иоут иара убас адгылар Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шш. аветеранцәа рхеилак «Амцахара» рҟынтәи. Иара убас Аԥсны иҟоу аурыс хеилаки, Аԥсны аҿар рфорум ахеилаки иҟарҵеит адгылара Анқәаб икандидатураз. Нанҳәамза 26 рзы иҟаз абжьыҭыраҿы уи иоуит 54,96% абжьқәа, 72% алхыҩцәа рхы аладырхәит.
Цәыббрамза 26 рзы идикылеит иҳәынҭқарра аҿаԥхьа аҭоуба. Анқәаб Аԥсны ахадарахь даннеи ирылеиҳәеит уи иаҭыԥуаҩ иҟоу иус еиҳа армариара, ма Аԥсны зынӡа ипарламент ҳәынҭқарран аҟаҵара. Уи Аԥсны ахадараҿ дыҟанаҵ изныкымкәа Урыстәыла ахадеи иареи еиԥылахьан. Иара убас иман аиԥылара Қырҭтәыла иҟоу Чехиатәи аҵҳаратәҳәаҩи иареи.
Лаҵарамза 24 рзы 2013 ш. Урыстәылатәи агәыҳалалратә форум аҿы А. Анқәаб аҳәара ҟаиҵоит Москватәи апатриарх ишҟа, Аԥснытәи анцәахаҵаратә уахәамақәеи, Аԥснытәи аепископи хылаԥшра азиурц, избанзар усҟантәи Қырҭтәылатәи анҵәахаҵаратә уахәамеи, иара убас ирыбжьаз адоуҳатә культуреи дареи иахьа ирымаӡам аимадара. Уи ала иара агәра ганы дыҟан Аԥсны анцәа хаҵара ауахәамақәа ирыбжьаз аиҿагылара аԥыххоит ҳәа, аха ари аԥшьгара иҟаиҵаз иазаамырԥшит алыҵшәа.
Жьҭараамза 29 рзы Анқәаб аԥхьатәара дишьҭуеит Аԥсны ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Станислав Лакоба. С. Лакоба ихаҭа иԥхьатәара дақәшаҳаҭымхеит, уи Аԥсны ахада ахара идиҵоит амчра импыҵаирхалеит ҳәа. Аполитикцәа рыбжьара иҟалаз аидыслара еиҳарак изыхҟьаз Гал араион анхаҩцәа, ақырҭуа милаҭ змоу ауааԥсыра аформа №9 ихьыԥсаххьаз Аԥсны атәлауаҩ ипаспорт ала. Жәабранымза 7 2014 ш-рзы Аԥсны ахада А. Анқәаб иҽалаирхәит Шәача иҟаз аӡынтәи аолимпиадтә хәмаррақәа раартра ацеремониа. Иара иаҳәарала Аԥсны иасасцәан аолимпиада иалахәызи асасцәеи. Иара убас Аԥсны ахада еиҿкаарала Шәача аолимпиадатә комплексқәа рыргылараан Аԥснынтәи иашьҭуан аинерттә ргыларатә маҭәахәқәа. Аԥсны аҳәаа ахьчара нахь ала атәыла амчратә шәарҭадаратә структура инаҳараку ахылаԥшра арҭеит.
Мшаԥымза инаркны нанҳәамзанӡа 2014 ш-зы Аԥсны аҩныҵҟа иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩхеит, уи инахырҟьаны лаҵарамза 27 инаркны рашәарамза 1 иҟалеит ажәлар реизара. Урҭ ирымаз агәамҵра икылнагеит аҳәынҭқарратә амчхара ахан аанкыларахь. Амитынгаҿы еизаз рықәгылараҿ еиҳарак иазгәарҭоз апунтқәа иреиуан изакәанымқәа ақырҭуа милаҭ Аԥсны атәылауаҩ ипаспорт иҭара, урыстәылатәи афинанстә цхыраара иҟарҵаз дара даҽа ус ахь аиагара, иара убас Аԥсны авторитартә напхгара аманы аҟалара. Аԥхьа Анқәаб аиҿцәажәара мҩаԥыгон агәынамӡаҩцәеи иареи урҭ мчыла иааныркылаз аҳәынҭқарратә хан аҩныҵҟа, уи аиҿцәажәара алыҵшәа шамоуаз аниба ашьҭахь, иара убас ажәлар еиҿанамгаларц азыҳәан, диасуеит Урыстәылатәи арратә база Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟаз. Иара уа ирыцҵахоит аиҿцәажәара аоппозициа алахәылацәеи апарламент алахәылацәеи иареи. Ари аиҿцәажәараҿ рхы аладырхәит Урыстәыла аҳәынҭқарра Афедерациа ашәарҭадара асовет ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви Урыстәыла аҳәынҭқар ицхырааҩ Владислав Суркови.
Аха арҭ аиҿцәажәарақәа лыҵшәадахеит. А. Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадара нижьыр акәхоит.
Рашәарамза 1 2014 ш-рзы Аԥсны ахада Анқәаби иара ицыз икамандеи иареи ирылаҳәан ԥхьатәара ишцаз. Иара убас рус аҟынтәи рхы иақәиҭын Аԥсны х-раионк ахадара, иара убас ихы дақәиҭы аҳәынҭқарра апрокурор хада. Аҩыганкгьы ирымаз ачҳара ибзоураны, наҟ-ааҟы абџьар матәа шрымазгьы, ашәарҭадараҭә еилазаара азин шрымазгьы закәанла иалхыз ахада изин ахьчара, уи азин риимҭаӡеит ажәлар рахь ахысра. Нанҳәамза 24 2014 ш-рзы иазгәаҭан абжьыҭира, арҭ абжьыҭырақәарҿ аԥхьахә игеит аоппозициа аԥхьагыла Рауль Ҳаџьымба.
Анқәаб ԥхьатәара данцаз ашьҭахь, иааиз Аԥсны амчра ҿыц, уи изин имирхит аҳәынҭқарратә хьчара, убри нахырҟьаны Москваҟа нхара диасыр акәхоит. Уи уахьынтәи Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа анырра аиҭон. 2014 ш-рзы Аԥсны иҟоу абжьыҭираҿ дидгылеит аинрал-моиор Аслан Бжьаниа.
Ԥахьатәи Аԥсны ахада иԥхьатәара ашьҭахь ауаа рахь дцәырҵит ԥхынгәымза 31 2014 ш-рзы, уи даҭааит «форум-холле» алхра аламҭалаз Бжьаниеи, аурыс уажәларреи, аԥсуа диаспореи реиқәшәараҿ.
Аԥсны ахада иалхраҿ Анқәаб дзыдгылоз Бжьаниа икандидатура аҩбатәи аҭыԥ аанакылеит, 14 нызықь бжьыла Р. Ҳаџьымба диеиҵахеит.
2015 ш-згы Анқәаб иҭагылазаашьа ихҟьаны нхарҭа ҭыԥс иман Москва.
2017 ш-рзы жәабранмзазы аԥшьгаратә гәыԥ еиҿнакааз аҿцьәажәараҿ иӡбан Аԥсны Ареспублика қалақь Ӷәдоуҭа алхратә ҭыԥ №18 жәлар еизаратә депутатс иқәыргилара. Анқәаб Аԥсныҟа дхынҳәны еиҿикааит алхратә гәыԥ. Уи иқәгылараҿы иоуит адгылара Аџьынџьтәылатә еибашра 1992-1993 шш. аветеранцәа рпартиа «Амцахара» аҟынтә, иара убас «Аԥра» иаанарԥшит адгылара. Урҭ рықәгыларҿ иазгәарҭеит ирымаз агәынамӡара, иазыруит акритика «Аԥсны жәлар ракӡаара афорум» апартиа. Росбалт аналитикцәа ишырыԥхьаӡо ала иҟоу аҭагылазаашьаҿ, еиҳараҩык аелекторатцәа Аԥсны ахада Рауль Хаџьымба иалыхраан ииҳәаз ажәлар рҿаԥхьа азыбжакгьы ахьизынамыгӡаз иахҟьаны ианизхьаҳә, Анқәаб аҽазнык аполитикаҿ ицәырҵра акраҵанакуеит 2019 ш-зы иҟалараны иҟоу абжьыҭирақәарҿ. Аха убри аамҭаз Аԥсны аконституциа ишазыԥҵәоу ала қәрала даццаӡом. Азиеи Кавкази ихадоу аинститут мрагыларатәи Урыстәылатәи анаука академиа аусура агәыԥ аиҿкааҩ Александр Скаков ишазгәеиҭаз ала Анқәаб макьана акрызҵазкәа анырра иҟаиҵаз аԥсуа политиказ аҳәара изаацәоуп.
Анқәаб Аԥсны апарламентахь далхын, уи иоуит 52% абжьқәа инареиҳаны.
Анқәаб Аҳәынҭқарра ахадараҿ дыҟанаҵ фынтә ишьра рҽазыркхьан. Ԥшьынтә-аԥыза-министрс даныҟаз, знык-знык ахада ихаҭыԥуаҩс даныҟази данхадази. Уи иоухьан ҩынтә ахәра, иҭархан ҩыџьа дзыхьчози. Иара убас Аԥсны хадас дыҟанаҵ хынтә ишьразы аплан ҟарҵахьан, аха уи рус рзынамыгӡеит. Раԥхьатәи аиакәым рҽазкра иҟаҵаз аекспертцәеи аполитикцәеи ишиазгәарҭаз ала иалкаан Анқәаб иахь иршыхамаз, урҭ хықәкыс ирыман Аҳәынҭқарра аҭыгылазаашьа аҭышәынтәалара аилаҩнтра акәын. Аха анаҩстәқәа Аԥсны ахада ишьра аҽазкра аекспертцәа ишазгәаҭраз ала уизыхҟьаз еиҳарак Анқәаб дзгирхкьоз уи имҩаԥигоз акриминал атәыла аҩныҵҟа иҟаз аанкылара дахьазықәԥоз акәын.
Ари ашьауӷатә лыҵшәа аԥшааран, иԥшаан ацәгьаҟаҵаҩецәа ргәыԥ 2007 ш-зы 2012 ш. Аԥсны ахада А. Анқәаб ишьра зҽазыкқәаз. Иара убас атеррористә гәыԥ «Иамарат Кавказ» аиҿкаацәа. Рыжәаҩкри ашьауӷа аус ала ирԥшааз ахара рыдҵан, урҭ рахьынтә аинрал-маиор Асланбеи Кчач иакәын, уи икраан ихала иҽишьуеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор хада еигьырҭ иалахәыз ацәгьауцәа ахара рыднаҵоит ԥсраҽнынӡа итакзаарц.
Ари аус аҿы ихадоу амалрҳаҩ Павел Арӡынба иоуп ҳәа иԥхьаӡан ԥхь. Ԥхынҷкәынымза 13 2017 ш-зы Аҩдатәи Ишыра ақыҭа иишақәргылам хаҭарала дшьын Павел Арӡынба. Абанда аиҿкаанцәа руаҵк Р. Барцыц иахьа уажәраанцәа дыхықоуп ихаҭара шақәргылаӡам.
Анқәаб аамҭак ала дыҟоуп Аԥсни Уристәылеи дыртәылауҩны. Урыстәыла атәылауҩа ихаҭарнак иаҳасибала изныкымкәа абжьыҭырақәа рҿы ихы рылаирхәуан. Уи дадгилоит Урыстәылеи Аԥсны реизааигәатәара, аурыс бызшәа афициал статус аманы иҟазарц, убри аамҭаз уи даҿагылоит ақырҭуа бызшәа Аԥсны уи абызшәа анкьатәи иамаз астатус амамзарц, ибри аамҭаз Гал араион ақырҭуа милаҭ шынхогьы хьаас имкыкәа. Иара убас Анқәаб иполитикатә усураҿ дыдгылоит Қырҭтәылеи Аԥсны еизеиҟараны азакәанқәа рымазарц, хаз-хазы еиҟәыҭханы иҟазарц ҩ-ҳәынҭқарракны.
Анқәаб иара убас даҿагалоит Қырҭтәыла ахҵәаҩцәа Аԥсныҟа рыхынҳәара, Гал араион иаланхоз ауааԥсыра рымацара ада. Аха иазгәаҭатәу уи иаамҭаз, Аԥсны хадас даныҟаз, Аԥсы инхо ақырҭуа милаҭқәа згьы ириҭан Аԥсны атәылуаҩра зыршаҳаҭуа ашәҟәы. Анқәаб иаамҭа, уи еиуеиԥшым аҭыԥқәа ананыкылоз, иара Аԥсны данахадазгьы, дарбан уаҩзаалакгьы азын иман аҭел изасра, ихадоу усзар ихаҭа дидикылар алшон.
Хәажәкырамза 16 2014 ш-зы Крим имҩаԥнагаз ареферендум Урыстәыла алаларазы, уи иазгәыҭоит Аԥсны даара аҳаҭыр шақәнаҵо, иагьадгылоит уа иаланхо ажәлар иҟарҵаз алхраҿ.
Анқәаб даара бзиа ибоит аспорт, Қырҭтәыла данынхоз уи абнатә ҳәақәа рзышәарыцара дханагалан даман.
Иԥшәма — Рымма Васил-иԥҳа Лакоба, милаҭла даԥсуоуп, абиологиатә наука дакандидатуп. ирымоуп ҩыџьа ахшара: Александр (1983 ш), Инал (1994 ш).
Иԥа Александр — амидиаторцәа разыҟаҵара аексперттә центр, аҳәынҭқарратә — зинтә дисциплина акафедра адоцент Урыстәлатәы жәларатә нхамҩа ракадемиа убас Урыстәыла Афедерациа ахада аҳәынҭқарратә шәарҭадара аҟны, иара убас аиуристә наука акандидат.
Иара ара аҩыза ахьӡ иоуит Аԥсны аихамҩа аргылараан иалахәыз анџьныр Золотински ижәла иахаршалан. Избанзар усҟантәи аамҭаз аԥсуаа ирыздыуамызт аурыс бызшәа аҟынтәи ираҳауаз ахьӡи ажәлеи ирымаз аивгарақәа.
Ҟабардантәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз аибашьыҩцәа ирыҭҟәаз Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа, аамҭала Аԥсны наԥхгара азҭоз аԥыза-аминистр Жиули Шартава и Аҟәа ақалақь ахада Гәырам Габискириа ишьын иахьа уажәраанӡа зхаҭара шьақәыргылам аԥсуа ардыԥхьала ила, иара убас ишьақәргылаӡам уи зыхҟьаз аҭагылаӡаашьа.
Ахада иалыхра икандидатура ақәыргылараз, 1999 ш-зы дынхар акәхоит атәыла аҩнуҵҟа 5 шықәса инеиԥынкыланы.
Аибашьраӡатәи аексперт рбагақәа.
Иалкаау аҭыԥаҿ ауаҩы инхара зыршаҳаҭуа аилыркаага.
Уи аамҭаз Анқәаб ихигеит аҩбатәи агипертоникатә кризис, аԥхьа ихьиз ҽеила ишьақәгылаанӡа ахҟьахы.
Уаанӡа инхоз ақырҭуа милаҭ зманы зегьы ирыма Қырҭтәла амилаҭ зыршаҳаҭуа ашәҟәы, Аԥсны инхон урҭ ирзеиԥшым астатус рыманы.
Ԥхынҷкәынмза 26 рзы ииз
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩцәа
Аԥсны Жәлар реизара 1-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Аԥсны Жәлар реизара 6-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Гьаргь Алеқсандр-иԥа Амҷба (, Ӷәада, Аԥсны АССР, СССР) — Адырра егьакуп, егьыҩбоуп рҳәоит. Егьиашоуп.