text
stringlengths 1
96.5k
|
|---|
Гьаргь Амҷба аԥсуа жәлар рҭоурых аҭҵаараҿы иааникылоз аҭыԥ хазын. Уи ишьҭихуаз апроблемақәеи, дзыхцәажәоз, иҭиҵаауаз атемақәа ргәылыршәашьеи ирыбзоураны аԥхьаҩцәа иусумҭақәа аҭыҵха рырҭомызт, еимыҵәҵәа иргон.
|
Гьаргь Амҷба жәа-монографиак дравторын, аҵарадырратә журналқәеи еиуеиԥшым аизгақәеи ирниҵахьаз аусумҭақәа маҷмызт, аха ианакәызаалак иара иҟәнишьон, „иҵегь сылшар ауан,“ – иҳәон.
|
Гьаргь Амҷба амедиевистикатә дунеи дагәылалеит Кавказ аҭҵаара знапы алакыз аҵарауаа дуқәа иара иахь ихьазырԥшыз, лахә-лахәы ишьклаԥшуаз иоппонентцәа ргәы ашьаҟәаҟәа ҭазҵаз, изыршәыз иусумҭа „Аԥсуа ҳәынҭқарра иазку ақырҭуа нарративтә хыҵхырҭақәа“ ала. Уи нахыс, хрыжь-хрыжь акәзаргьы, еишьҭагыланы рҿаархеит қырҭшәала еиԥш, бырзен бызшәала, шәамахь бызшәала ажәытә шәҟәқәа ирну ҳҭоурых цәырызгаз егьырҭ иусумҭақәагьы: „Абжьаратәи ашәы- шықәсақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аԥсназы ирҳәо“,
|
„Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иамаз аполитикатә ҭагыла- заашьа“, „Абжьаратәи ашәышықә- сақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аԥсни аԥсуааи рыӡбахә ишалацәажәо“, “Афон-Ҿыц“ уҳәа убас егьырҭгьы. Урҭ рӷьырак аԥсуа хылҵшьҭрақәа рҽеидкыланы, жәларык раҳасаб ала ишышьақәгылаз, нас VIII-X ашәышықәсақәа рзы Кавказ зегьы зырхыџхыџуаз афеодалтә ҳәынҭқарра шыҟарҵаз уҳәа ҳгәы зкуаз азҵаарақәа жәпакы рҭак ҳарҭоит. Егьырҭ иаҳдырбоит жәынгьы-ҿангьы ҭаха ҳазымҭоз ҳгәылацәа бзиахәқәа аҳәаҭыхла ирҿагыланы ҳабацәа дуқәа рыдгьыл гәакьеи рбызшәеи шырыхьчоз.
|
Аԥсуа культуратә ԥсҭазаараҿы зеиԥш ҟамлацыз хҭысхеит ҵакыла еиԥш, формалагьы иԥшӡаӡа 1993 шықәса рзы ҭырқәшәала Сҭампыл иҭыҵыз Гьаргь Амҷба ишәҟәы „Аԥсуааи алазқәеи“. Уаанӡа иҭыҵхьаз иҩымҭақәа реиԥш, ари ашәҟәаҿы автор аԥхьаҩ иирбоит абжьаратәи ашәышықәсақәа раан аԥсуа етно- политикатә шьақәгыларақәа ирымаз асоциалтә-политикатә ҭагылазаашьеи рхьыԥшымразы урҭ иаадырԥшуаз ахаҵареи.
|
Aбжьаратәи ашәышықәсақәа аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы даараӡа акрызҵазкуа аамҭан. Зегьы раԥхьаӡа иргыланы, ари Аԥсны афеодалтә еизыҟазаашьақәа рцәырҵреи рыҿиа- реи ираамҭан, ақьырсиантә культура ҳабацәа рабацәа дуқәа ианрылаҵәаз, аԥсуаа рхатә ҳәынҭқарра ҟаҵаны иаркы-ирцә ҳәа геи-шьхеи, ладеи-ҩадеи ианрыбжьаз аамҭан. Урҭ зегьы дырра ҳаракыла, гәык-ԥсык ала, ламысла рыҩра, усҟан, аҭоурыхтә ҵабырг, ишырҳәо еиԥш, ала ҟырҟы ианкылырхуаз аамҭазы, имариамызт.
|
Аҵарауаҩ ихи иԥси дырмеигӡар акәын. Гьаргь Амҷба абри аус аҿы илшаз ахә ашьара уадаҩуп.
|
Аҵыхәтәантәи ахәышықәса ирылагӡаны, изыԥшыз идыруазшәа, уи иҭижьит даҽа ҩ-шәҟәык: „Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иҟаз акультуреи аидеологиеи“, „Аԥсны абжьаратәи ашәышықәсақәа репохазы“.
|
Аԥхьатәи ашәҟәы, иара ахьӡ ахаҭа ишаҳәо еиԥш, VI-X ашәышықәсақәа рзы Аԥсны идыргылаз аҭоурыхтә баҟақәеи, ҳәынҭқарратә динк аҳасаб ала аԥсуаа ақьырсианра шрыдыркы-лази, насгьы урҭ рыԥсҭазаараҿы уи иааннакылаз аҭыԥи ирызкуп. Аҩбатәи ашәҟәаҿы ажәытәӡатәи аҩыратә хыҵхырҭақәеи, археологиатә материалқәеи, аетнологиеи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, автор иааирԥшуеит аԥсуа жәлар рынхамҩа аҭоурыхи рсоциалтә еизыҟазаашьақәеи. Аха Гьаргь уи инапаҿы иааникыларатә еиԥш аразҟы илахь ианымызт.
|
Иҟоуп акьыԥхь зымбац даҽа усумҭа дук. Уи аԥсуаа рҭоурыхтә антро- понимиа иазкуп. Ари аусумҭа аԥсуаҭҵаараҿы уникалтә ԥҵамҭа ҿыцуп. Аԥсуа саԥсуоуп ҳәа адунеи ишьапы нықәиргылазар аахыс ихьӡырҵоз, хьыӡшьарас ирҭоз, иабиԥарахьыӡқәа уҳәа аԥхьаҩ зинтерес икыша, иџьеишьаша, илакәишьаша рацәоуп ари аусумҭаҿы. Автор ихаҭагьы уи азы алкаа ҷыда ҟаиҵеит: аԥсуа жәлар рҭоурыхтә антропонимиа ретностә ҭоурых аҭҵаара акырӡа иацхраауеит, иҭнагоит. Ҩашьара ақәымкәа уи иаҳнарбоит иара убас урҭ рполитикатә, ркультуратә ориентациагьы.
|
Гьаргь Амҷба зымҽхак ҭбааз ҵарауаҩын. Уи ибзиаӡаны идыруан дызлиааз ижәлар рбызшәа амаӡақәа, аԥсы ахьҭаз, урҭ рҵасқәеи рқьабзқәеи рҷыдарақәа, рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа уҳәа аԥсуара злеибарку зегьы. Абри аганахь ала иналкааны иазгәаҭатәу усумҭоуп иетнологиатә ҭҵаамҭа „Аԥсуаа рҽыбӷаҟазара“. Хаҭала иара автор „адәы иқәигаз“ аматериал хьыршәыгәқәа ихы иархәаны, ицәыригеит ҳажәлар рыбзазара иузалымхуа иалаз аҽы акульт,
|
иахьанӡагьы урҭ даҽа жәларык ирылазмырҩашьо абаҩҷыдара, ретностә специфика.
|
Аҵарадырраҿы Гьаргь Амҷба изы аус злаз аҭоурытә факт акәын. Афакт иара изы ихсаалаган, ишәага-заган, иқәырԥшыган, зегьы зхагьежьуаз лыран.
|
Гьаргь Амҷба дагьеиҭагаҩын. Иара ихалагьы аԥсуа ԥхьаҩ ииҭахьан Константине Гамсахурдиа иажәабжьқәа акыр. Аԥсшәа аҟынтә ақырҭшәахь еиҭеигахьан „Нарҭаа репос“. Гьаргь Амҷба ибзоураны аԥсуа ԥхьаҩцәа ироухьан арумын шәҟәыҩҩ Виктор Кернбахи, авенгр ҭоурыхҭҵааҩ Лиош Ҭардии, америкатәи аетнолог Сула Бенети аԥсуаа ирызкны ирыҩхьоу ашәҟәқәа.
|
Гьаргь Амҷба аԥсабара иланаҵаз абаҩхатәреи идырра дуи аԥсуа ҵарадырреи аҵараиурҭақәеи рзы иҵәатәышьаҟақәан. Жәашықәсала уи иџьабаа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт иадиҵахьан. Уи араҟа зквалификациа ҳаракӡоу аҭоурыхҭҵааҩцәа дреиуан. Аԥсуа Ҳәынҭқарратә университет аҿы алеқциақәа дрыԥхьон, зны Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ркафедра дреиҳабын, аҽазных аҭоурыхтә факультет дахагылт, ддеканын. Абраҟа Гьаргь Амҷба дпрофессорын, аҿар аҭоурых дирҵон, аԥсуара рылаиааӡон.
|
Гьаргь Амҷба ҵарауаҩык иаҳасаб ала ддуун, рҵаҩык иаҳасаб алагьы. Аха „издыруеит“ ҳәа мыцхәы иҳәомызт. Иҵкыс аҵара сымоуп ҳәа, ипара збеит ҳәа амалахазгьы ауаҩы диқәыӷә-ӷәомызт, длаирҟәуамызт, уимоу, дзацәажәоз џьара иакәымк иамхаҳәаргьы, дхьижәомызт, имаршәа кны, имырхьааӡакәа ихы иирдыруан.
|
Хынҩажәифба шықәса қәрам аԥсуа хаҵа изы. Иуаҩра дынҭалеит аҟароуп.
|
Гьаргь инарцәымҩа дықәлеит еиҳагьы ҳажәлар рҿахәы аниҳәашаз, еиҳагьы анилшашаз, еиҳагьы данаҳҭахыз аамҭазы.
|
Гьаргь дҵарауаҩын, дҵарауаҩыҵәҟьан. Аԥсуа ҭоурыхҭҵаара иара ида ихьысҳахоит. Шәҩыла анцәа иҳаҭәеишьааит, аха иахьазы Гьаргь Амҷба дзыԥсахша аҭоурыхҭҵааҩ иԥшаара мариам. Уи иахьа еиҵагылоу аԥсуа интеллигенциа зырбеиоз, иӡырызгоз, изырԥшӡоз, ҳагьзлаҽхәоз ауаа хатәрақәа, ауаа нырҳарақәа дреиуан.
|
Ҟазшьала Гьаргь дҭынчшәа дыҟан, аха дыџьбаран, дтәаны думбар, дгыланы ихы уирбомызт, ачҳара змаз жәытә арԥысын, даамысҭашәан. Аиҩызараҿ дԥышәан – даартын, дыгәшаҭаҩын, дгәыбылҩын, дчеиџьыкауаҩын.
|
Ҳажәлар дрыԥхеит аҵеи хазына, аҵеи лаша, аҵеи хьӡырҳәага – ауаҩ ду.
|
ГЬАРГЬ АМҶБА. АҦСУА ЖӘЛАР ДРЫҦХЕИТ АДЫРРА ДУ ЗМАЗ АУАҨЫ ЛАША, АУАҨААМЫСҬАШӘА
|
Лаҵарамза 10 рзы ииз
|
Аусумҭақәа. Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи. - Аҟәа: Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд, 2004; 639 д.
|
Апрофессор Гьаргь Амҷба иусумҭақәа иргәылоуп Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку аҩымҭақәа"", "Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку астатиақәа", "Аԥсуаа рҽыбӷаҟазара" ҟәы иагәылоу аусумҭақәа тематикалеи хронологиалеи даараӡа иҭбаауп, хымԥада, аԥхьаҩ изы аинтерес ду рыҵоуп.
|
Ари ашҟәы рхы иадырхәар алшоит аҭоурыхҭҵааҩцәа, аетнологцәа, арҵаҩцәа, астудентцәа, иара убас Аԥсны аҭоурых иазҿлымҳау аԥхьаҩцәа зегьы.
|
Ашҟәы аҭыжьразы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилак.
|
Амҷба, Гьаргь. «Аусумҭақәа». amichba.de. [ацит. 2021-01-26]. онлаин
|
Омар Баирам-иԥа Беигәаа (; ; , Аосмантә империа — , Сҭампыл, Ҭырқәтәыла) — Ҭырқәтәыла ашәҟәыҩҩы.
|
Омар Беигәаа диит Ҭырқәтәыла, 1901 шықәса рашәарамза аказы. Дахьиз ақыҭа ҭырқәшәала Ефҭени Ҳаџьыс уеиманбеи қьиоҩы ҳәа иашьҭоуп, уаатәи аԥсуаа ракәзар ҩ-хьзык рыла аӡбахә рҳәоит: Ашәы Ҳаџьы иқыҭа, мамзаргьы Ашәаа рқыҭа.
|
Иабшьҭра иазкны Омар Беигәаа иҩуеит: «...Саб — Баирам. Баирам иаб - Ҳасан. Ҳасан иаб - Маџь. Маџь иаб - Мамгәыл... Сыҩны аԥшәма ԥхәыс — Кәарҷиа ԥҳауп, Шьааиан лыхьӡуп. Баирам иԥҳәыс, сан — Шам-ԥҳан, Мкыд лыхьӡын; Баирам иан, санду — Ладариа-ԥҳан. Аладариа-ԥҳа данԥсы, Кҷын-ԥҳа дааигеит. Аԥсны иқаҵыз сабду Ҳасан иауп. Уи дынхон Абжьаҟәа. Абыгәаа игәылацәан...»
|
Диузџьетәи ашкол даналга, Беигәаа Омар Едырнетәи алицеи даанахәоит, уи қәҿиарала далгоит нџьнырк иаҳасабла. Абри изанааҭ ала иуеит 1964 шықәсанза. уинахыс аԥсшьараамҭахь /атәанчарахьы/ диасуеит. Дынхоит Сҭампыл.
|
Поетк иаҳасабла Беигәаа Омар арҿиера ус инапы алакыуп 1918 шықәса инаркны. Уи инапы иҵыҵхьеит иара убас аԥсуаа рбызшәеи, рҭоурыхи, рмифологиеи ирызкны акыр иаԥсоу аусумҭақәа.
|
И.
|
Аҭампылатәи аԥсыуа бхьы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1990
|
Антологиаҿ иаагоу О. Беигәаа иҨымҭақәа абри ашәҟәы анҵыҵ ашьҭахь автор инапы иҵигаз аредакциала икьыԥхьуп.
|
Абиографиа - Аԥснытека
|
Жәабранмза 25 рзы иԥсыз
|
Анзор Кәакә-иԥа Мықәба (; диит , Оҭҳара ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи АССР) — аԥсуа шҟәыҩҩы, адраматург, аҭоурыхдырҩы, актиор, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы; Аԥсни, Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа ирылоу, исахьаркыратә аԥҵамҭақәа шамахамзар зегьы аԥсуа жәлар рҭоурыхтә хҭысқәа шьаҭас ирымоуп"Аԥсны Аҳцәа"ҭоурыхтә хыҵхырҭақәеи, жәлар рҳәамҭақәеи ихы иархәаны, аԥхьаҩцәа ирыдигалоит иаазыркьаҿу урҭ рҭоурых, иааирԥшуеит урҭ зхааныз аамҭа иатәу ахҭысқәа.
|
Ашәҟәы рызкуп зыԥсадгьыли зуаажәлари рҭоурых иазҿлымҳау зегьы.
|
Мукба Анзор Кокович
|
Мықәба Анзор Кәакә-иԥа
|
Абҵарамза 17 рзы ииз
|
Ингәыштәыла, Ингәыштәыла аҳәынҭқарра (, ) — автономтә республика Урыстәылаҟны. Ари Кавказ ажәларқәа рыӡбахә адаҟьа ауп. Ара 50-жәларк раҟара иқәынхоит. Инхоит, иаҳҳәап, азыхәцәа, аԥсуаа, ашәқәа (абазақәа), ачачанцәа, аингәышьцәа, аварцәа, алезгцәа, адарганцәа, алақцәа, аҭабасаранцәа, арутулцәа, аӷәылцәа, аҵахәырцәа, ақырҭқәа, агырқәа, ашәанцәа, аерманцәа, ауаԥсцәа, аталышцәа, аҟарачаицәа, абалҟарцәа, аҟәымыҟцәа, азербаиџьанцәа, анаҩеицәа уҳәа убас иҵегьы.
|
Уи адагьы абра атәым жәларқәа гәыԥ-гәыԥла иқәынхоит: аурысцәа, аукраинеццәа, абырзенцәа уҳәа убас егьырҭгьы.
|
Аинформациа Кавказ ажәларқәа рыӡбахә аҳәынҭқаррақәа ишаны рықәҵоит. Аҟәшақәа зегьы рҿы иқәынхо ауаа ашәҟәы ранҵара ацифратә дыррақәеи аетнографиатә ҳсаалақәеи иҟоуп.
|
Урыстәылатәи Афедерациа ареспубликақәа
|
Қырҭтәыла () – Кавказ мрагылара аган ахь ала иҟоу атәыла.
|
Аладаҿы Қырҭтәылеи Ермантәылеи, Азербаиџьани, аҩада-мраҭашәараҿы - Қырҭтәылеи Урыстәылеи аҳәаақәа иамоуп.
|
Апрезидент: Зурабишьвили, Саломе Леван-иԥҳа
|
Аԥыза-министр: Ӷарибашьвили, Иракли Тариел-иԥа
|
Қырҭтәыла абираҟ араӡны фонаҿ (афон шкәакәаҿ) иарбоуп идуу аџьар ҟаԥшьи, ԥшь-џьар хәыҷыки.
|
Ари, зегьеицырзеиԥшу иқьырсиану асимволқәа - ҳазшаз Анцәеи ԥшь-ҩырацқьаки ауп иаанаго.
|
Аџьар агеральдикатә дырганы раԥхьаӡаа ицәырҵит 1099 шықәсазы, аџьарныҟәгаҩ Жофруа де Буилон игерб аҿы.
|
Убри аамҭа инаркны ари агеральдикатә дырга Анцәа инышәынҭреи, ақьырсианра ацентр Иерусалими ауп иаанаго. Ари агерб хы-хьӡык амоуп: Жофруа де Буилон игерб, Иерусалимтәи агерб, Адырга цқьа.
|
Араӡны (ашкәакәа) агеральдикаҿ ацқьара, ахшыҩ ду ауп иаанаго, аҟаԥшь - афырхаҵара, аӷьеҩра, аиашара, абзиабара.
|
Анџьелино Дульчери иаԥиҵаз аҳәаақәа рыхсаалаҿ - портулан аҿы (1339 ш.), Франческо ди Лапоччои Доменико ди Бонинсеньеи амшынтә рыхсаалаҿ (1367ш.), Сидер амшынтә ихсаалаҿ (1565 ш.) Қырҭтәыла атерриториа абри абираҟ ала иазгәаҭан:
|
асаԥар ақырҭуа (ивериатәи) агәыргьын ала ирԥшӡоуп:
|
асаԥар ныҟәгаҩцәаны ҩ-хьтәы лымык иарбоуп:
|
асаԥар шьаҭас иамоуп астилизациа зызу аӡахәа ақырҭуа орнаменти, адевиз зну абанти;
|
иҟаԥшьу-ишкәакәоу абант мхедрули анбан ала адевиз ануп: Акзаара ауп амч змоу;
|
Иқьырсиану адунеи аҿы Гьаргь ацқьа пату иқәырҵоит. Адиниашахаҵаҩцәа мацара ракәымкәа, ақьырсианцәа зегьы бзиа дырбоит. Уи адагьы, аԥсылманцәа рышәҟәы цқьа, Аҟәырҟан аҿгьы Гьаргь ацқьа иӡбахә ҳәоуп.Гьаргь ацқьа иқьырсиану адунеи аҿы Ҳазшаз Анцәа ду ир рԥызас, аарцәтәи адунеи афырхацәа рхылаԥшхәыс, ауаҩытәыҩса ихылаԥшхәыс, агәаҟра иҭагылоу ауаа рыцхырааҩыс дрыԥхьаӡоит.
|
Ацәгьа иаҿагыло, аҵабырги аиааиреи рсимвол, арашь шкәакәа иақәтәо Гьаргь ацқьа, ақырҭуаа рзы дҿырԥшыганы дҟалеит. Жәытәнатә аахыс Гьаргьт ацқьа ақырҭуаа рхылаԥшхәыс дрыԥхьаӡоит.
|
"Қарҭлис цховреба" ("Қарҭли аԥсҭазаара"ри иабзоураны, уамашәа иубаратәы иҟам Қырҭтәылаҿ Гьаргь ацқьа ихьӡ зху 365 уахәамак ахьдыргылаз. Аиашахаҵаратә ақырҭуа уахәама Гьаргь имшныҳәа шықәсык ала ҩынтә иазгәанаҭоит.
|
Иване Џьавахишвили ("Ақырҭуа милаҭ рҭоурых", "зегь реиҳа ихадоу аҭыԥ ааникылоит Гьаргь ацқьа"""
|
Иџьшьатәым, адунеи аиҳарак аҿы иахьагьы жоржианцәа, џьорџьианцәа ма георгианцәа ҳәа иахьҳашьҭоу"Атитулиари", Вахушти Багратиони 1735 шықәсазтәи иусумҭеи рҿы.
|
Агерб асаԥар ахәҭаҟаԥшь аҿы Гьаргь ацқьа исахьа, Қырҭтәыла ауаажәлар рзы ари афигура ахадара ду шамоу иазгәанаҭоит'еи 47' мрагыларатә аҭбаареи, 41'еи 44' аҩадатә ауреи рыбжьара иҟоуп.
|
Мрагыларатә Қырҭтәылаҟны хбарроуп, аҳауа иконтиненталуп, аԥхын ԥхарроуп, аӡынра иаҩцацәам, мраҭашәаратә Қырҭтәылаҟны, Амшын еиқәа агаҿы иԥхоу, асубтропикатә ҳауа ыҟоуп.
|
Қырҭтәыла атерриториа шыхәыҷугьы, араҟа зеиԥшыҟам афлора ыҟоуп. Ари зегьы иҳәаақәҵоуп атәыла адгьылхҩылааратәи аҳауатәи лагылазаара ала, убри аҟнытә араҟа аҵиаақәа ҷыдалатәи рыхкқәа уԥыхьашәоит. Мрагыларатәи мраҭашәаратәи Қырҭтәыла афлора еиԥшым. Мрагыларатә Қырҭтәылаҟны хбарроуп, араҟа аԥсарақәа ыҟам, убри аҟнытә ариаҵәареи аҵиааӡареи иаҳа иалкаауп. Мраҭашәаратә Қырҭтәыла абнарацәарала иалукааратә ыҟоуп. Қырҭтәыла афауна Европеи, Ацентртә Азиеи Африкеи афауна аелементқәа алоуп. Қырҭтәылаҟны шәкыла хшыла ичо ахкқәа ыҟоуп, иара убас, 330 хкы аԥсаатәқәеи, 48 хкы арептилиақәаеи 11 амфибиақәеи 160 аԥсыӡхкқәеи. Қырҭтәыла ҩ-континентк, Европеи Азиеи ирыԥнуп. Ақырҭуа цивилизациа аԥҵареи ашьақәыргылареи рзы анырра рыман мрагыларатәи мраҭашәаратәи акультурақәа. Аԥстәқәа рдунеи абеиара, аҳауа ԥха, ҽаҩраазышьҭуа адгьыл, аԥсабаратә ресурсқәа рырацәара - ақырҭуа жәлар абри зегьы рхы иархәаны, ақыҭанхамҩа арҿиара рылшеит.
|
Қәҭешь (189.7 нызқьҩык), Баҭым (122,2 нызқьҩык), Русҭау (117,9 нызқьҩык), Аҟәа (анхацәа ашәҟәы рҭаҩра мҩыԥымсит), Жәыргьыҭ (72,2 нызқьҩык), Гәар (50,2 нызқьҩык), Ԥаҭ (47,3 нызқьҩык) Ҭелау (20,2 нызқьҩык).
|
Аетникатә аилазаара: ақырҭцәа - 83,3 %, азербаиџьанцәа - б,5%, ашәамахьцәа - 5,7%, аурысцәа - 1,5%, ауаԥсаа - 0,9%, абырзенцәа - 0,3%, аукраинцәа - 0,2%, аԥсуаа - 0,1%, ауриацәа - 0,1%, егьырҭ - 0,1%.
|
Қырҭтәылаҟны ақьырсианра аларҵәара аиуит 4-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы. Ақырҭқәа рҟны ақьырсианра ақадақь луан Нино цқьа (Кабадокиатәи). Уи лныҳәарақәеи лылԥхеи рыла аҳԥҳәыс Нана дылхәшәтәит, иара убас, аҳ Мириан деиқәлырхеит. Ашьахәынҵа инақәырԥшны, аҳ Мириан шәарацаара дшыҟаз, иаалырҟьаны илашьцарахеит, аҳ Нино цқьа лыхьӡала дныҳәан, иаразнак илашарахеит. Убри аамышьҭахь, ақьырсианра аҳәынҭқарратә адинуп ҳәа алаҳәара ҟарҵеит. Мцхеҭа зеиԥшыҟамыз аныхабааш ду дыргылеит. Ақырҭуа ортодоқсалтә ақьырсиантә (аиашахаҵаратә) џьар ҷыдалатәи аформа амоуп. Уи Нино цқьа лџьар ҳәа ахьӡырҵеит, Нино аӡахәа амахәқәеи, иԥаны иҟаз лыхцәи ирылхны аџьар ҟалҵеит. Лџьар ала Қырҭтәыла еиқәлырхеит. Ақьырсианранӡа Қырҭтәылаҟны амцнцәахаҵара акәын иҟаз, амцнцәақәа ирымҵаныҳәон. Аҳ Вахтанг I Горгасал архимандрит иаҭәеишьеит акаталикос ихьӡ. Абас ала ишьақәгылеит Ибериатәи ауахәама автокефалиа. Ажәытә ажәабжь инақәырԥшны, Қырҭтәылаҟны ақьырсианра ақадақь руан ацҳаражәҳәаҩцәа: Андреи, Симон Андреи. Симон Кананити, Варфоломеи. Ақырҭуа ақьырсиантә уахәама иаԥҵахеит 4-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы. Убасҟан ауп ақьырсианра аҳәынҭқарратә динны ианаарыцҳа. Қарҭли раԥхьатәи аҷҟәандартә кафедра ишьаҭакхеит аҳра аҳҭнықалақь Мцхеҭаҟны, Қарҭли ауахәама аԥхьагылаҩ аҷҟәандар хада ихьӡ ныҟәигон. М ашәышықәсанӡа ақырҭуа ақьырсиантә уахәама, аиерархиала, зны Константинополь, нас - Антиохиа апатриархиақәа рхылаԥшра аҵаҟа иҟан.
|
466 -468 шықәсқәа рзы, Вахтанг Горгасали ихаан, Қарҭли аамҭакала ишьаҭакхеит 12 аҷҟәандартә кафедрақәа, ауахәама аԥхьагылаҩ акаталикос ихьӡ иоуит. Убри нахыс, ақырҭуа уахәама ахатә автокефалиа аман. VI ашәышықәсазы ақьырсианра ашьақәырӷәӷәараҿы рылагала дууп Ассириатәи абацәа.
|
XI ашәышықәсазы Қырҭтәылаҟны ишьаҭакхеит адунеи зегьы аҟны афбатәи апатриархиа, аха Дауҭ IV Аргылаҩ ихаан ақырҭуа уахәама аҳәынҭқарра ахылаԥшра аҵаҟа иҟалеит, ауахәама иахылаԥшуан мҵигнобартухуцеси - ҷҟондидели. Ақьырсиантә уахәама ароль ду нанагӡеит Қырҭтәылаҟны аҩра-аԥхьара аларҵәара апроцесс аҟны, ауахәама-аберҭыԥқәа рҟны ашколқәеи академиақәеи ыҟан (Гелаҭи, Иҟалҭо), уаҟа абер-маҵуҩцәа аҵара аус иазыҳаҵҳаҵуан, урҭ ҳагеографиатә литература зҵак дуу аусумҭақәа иаԥырҵеит.
|
Қырҭтәыла Урыстәыла адҵара аамышьҭахь ақырҭуа ақьырсиантә уахәама автокефалиа иаԥырхын. Иара убас иаԥырхит акаталикосҽпатриарх иҭыԥгьы. Ақырҭуа уахәама аурыс синод анапаҵаҟа иҟалеит. 1852-69 шықәсқәа рзы ауахәаматә мазара ахазына иарҭан, адоуҳаныҟәгаҩцәа аулафаху рзышьақәдыргылеит. 1917 шықәса хәажәкыра 12 (25) рзы адоуҳаныҟәгаҩцәа автокефалиа еиҭашьәақәдыргылан, цәыббразы акаталикосҽпатриарх далырхит. 1978 шықәсазы Қырҭтәыла акаталикосҽпатриархны далырхит Илиа аҩбатәи. Уи иныҳәарала Қырҭтәылаҟны иакымкәа ауахәамақәеи аныҳәарҭақәеи еиҭашьақәыргылан, имаҷымкәа аҿыцқәагьы дыргылеит. Хымԥада иазгәаҭатәуп Самеба акафедралтә уахәама, уи адунеи аҟны зегь реиҳа идуу аберҭыԥтә комплеқсқәа ируакуп. Аҳаракыра 83 метрак иаҟароуп, уи атерриториаҟны 12 уахәамақәеи аныҳәарҭақәеи аусура иалагоит.
|
Қьада, Қобулеҭ, Шьуахьау, Хьалуачаур, Хәыло, Жәыргьыҭ, Хәаб, Ҵаленџьыха, Чхәароҵҟәы, Санакь, Абашьа, Мартәыл, Местиа, Уажәыргьаҭ, Ланчхәыҭ, Чохатаур, Тҟибул, Ҵҟалтубо, Ҷиаҭура, Баӷдад, Ван, Зесҭаԥон, Ҭерџьола, Самтредиа, Сачхере, Харагаул, Хәан, Ахмета, Гәырџьаан, Дедоԥлис-Ҵҟаро, Ҭелау, Лагодехь, Сагареџьо, Сиӷнаӷь, Ҟәарел, Душьеҭ, Ҭианеҭ, Мцхеҭа, Ҟазбақь, Амбролаур, Уан, Цагер, Лентех, Адыгьан, Аспинӡа, Ахалқалақь, Ахалцых, Борџьом, Ниноҵминда, Болнис, Гардабан, Дманис, Марнеул, Ҭеҭри-Ҵҟаро, Ҵалка, Гәар, Касп, Қарел, Хашәыр.
|
Шәахә. иара убас
|
Новости в Грузии
|
Шамба Сергеи Мирон-иԥа (, , Гәдоуҭа, Аԥснытәи АССР, СССР) — раахыс адәныҟатәи аусқәа рминистр. Шықәса рзы Еревантәи археологиатә институт аҟны адоктортә диссертациа ихьчеит абри атемала4 Ажәытәтәи ашәышықәсабжьаратәи Аԥсны аполитикатәи, асоциал-економикатәи, акультуратәи ҭагылазаашьа археологиеи анумизматикеи рдыррала(9. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иқәҵарала --- шықәса рзы аҷыдатәи амчнаӡатәи Цҳаражәҳәаҩ ҳәа адипломатиатә ранг ианашьан. Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟалаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура афонд деиҳабын. ----рзы, ақырҭуа-аԥсуа еимак аан Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Аибашьра анеилга ашьҭахь ԥхьатәара дцеит аполковник ичын иманы. ---рзынӡа ауаажәларратә еиҿкаара «Аидгылара» хантәаҩыс даман. Еиуеиԥшым анаукатә усумҭақәа дравторуп, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор истепен имоуп. Дҭаацәароуп. Имоуп аԥеи аԥҳаи.
|
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа
|
Аԥсны Жәлар реизара 5-тәи ааԥхьара адепутатцәа
|
Хәажәкырамза 15 рзы ииз
|
Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба (, , Ҷлоу ақыҭа, Очамчыра араион — , Аҟәа) — Аԥсны жәлар апоет, ашәҟәыҩҩы, аполитик, Д. Гәлиеи Шьоҭа Русҭавели рыхьӡ зхәы аҳәынҭқарратә премиақәа рлауриат. Иара зыхьӡ-зыԥша хара ианаӡахьоу поетуп. Иҩымҭақәа зегьы иаарылукааша рҿиамҭоуп иҭоурыхтә роман “Ацынҵәарах”. Ари ароман ианыԥшуеит аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы зегьы раасҭа игәыҭшьаагоу ахҭыс - амҳаџьырра ашықәсқ"Аԥсны Ҟапшь""Ахра ашәа" аҵарамза 18 рзы 2010 ш. Аҟәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҟны иаартын Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ибаҟа. Уи аартра иалахәын Аԥсны аиҳабыра, хаҭала апрезидент С.Багаԥшь, уи ихаҭыԥуаҩ А.Анқәаб. Абаҟа аартра иадҳәалаз амитинг мҩаԥигон Аԥсны акультура аминистр Н. Логәуа. Иқәгылеит ашәҟәҩҩцәа реидгыла ахада Т.Ҷаниа, ассоциациа ахада М. Лашәриа, Жәлар реизара ахада Н. Ашәба. Ицәажәоз зегь иазгәарҭон Б.Шьынқәба ипоезиа инаҷыданы акыр зымҽхак ҭбаау уаажәларратә усзуҩны дшыҟаз.
|
Раԥхьатәи ашәақуа. Аҟуа, 1938 ш.
|
Аҳәачаԥа. Аҟәа, 1943 ш.
|
Аҿатә уаа. Иажәеинраалоу ароман. Альманах. Аҩбатәи аномер. 1951 ш./аҩбатәи аҭыжьра - 1955 шықәсазы, еиҳа ихарҭәаау авариант - 1963 шықәсазы./
|
Ажәеинраалақуеи апоемқуеи. Аҟәа, 1956 ш.
|
Иаирума. Амшә куашара. Аҟәа, 1961 ш.
|
Ахра ашәа. Аҟуа, 1965 ш.
|
Иҩымҭақуа реизга. Х-томкны. Аҟәа, 1977-1979 шш.
|
"Иалкаау аԥсуа лирика" асериаҿ. Аҟәа, 1988 ш.
|
Бараҭашвили Николоз. Ажәеинраалақуа. Апоема "Аҟәа - Қарҭ", 1984 шықәса.
|
Шандор Петефи. Иалкаау. Иеиҭаргеит Баграт Шьынқәба М. Лашәриа. Аҟәа, 1995 ш.
|
Инаукатә усумҭақуа рахьтә.
|
Аԥсуа жәеинраала аиҿартәышьа иазкны.
|
Альманах №3. Аҟәа, 1952 ш.
|
Аусумҭакуа Б.Шинқәба иазкны
|
Цвинариа В. Л., Творчество Б. В. Шинкуба, Тб., 1970 (Урысшәала)
|
Баграт Шьынқәба изхәыцрақәа
|
Дыԥсит Аԥсуа поет Баграт Шьынқәба
|
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.