text
stringlengths
1
96.5k
АХԤАТӘИ АХЫ. АЗАКӘАНԤҴАРАТӘ МЧРА
АХӘҬАҶ 36. Ари Аконституциа ишьақәнаргылаз азакәанԥҵаратә зинмчхарақәа зегьы Жәлар Реизара - Апарламент имҩаԥнагоит.
АХӘҬАҶ 37. .
Жәлар Реизарахь а әлар Реизара азинмчхарақәа ҿҳәарас ирымоуп хәы-шықәса.
Жәлар Реизара адепутатцәа ралхшьа аԥҟарақәа шьақәнаргылоит аконституциатә закәан.
АХӘҬАҶ 38. Аԥсны Жәлар Реизарахь ддепутатхарц илшоит 25-шықәса зхыҵуа, алхратә зин змоу дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ма Аминистрцәа Реилазаара иалахәу, насгьы аҳәынҭқарратә усбарҭа аилазаареи аӡбаратә усҳәарҭақәеи ирыҵанакуа амаҵураҭыԥқәа аанызкыло, мамзаргьы аԥара зхыршәаауа даҽа усурак знапы алаку, арҵаҩратә, анаукатә, арҿиаратә усқәа аламҵакәа, Жәлар Реизара алахәхара илшом.
Жәлар Реизара адепутатцәа Жәлар Реизараҿы имҩаԥырго русуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра ирзоунажьуеит рџьабааԥса.
АХӘҬАҶ 39. Жәлар Реизара адепутатцәа рылакьысра зинӡам, урҭ рымчхара аҿҳәара ааиаанӡа. Урҭ раанкылара, рҭакра, реимдара азин ыҟам, ацәгьара ахьыруз аҭыԥ аҿы иаанкыламзар, иара убасгьы хаҭала ргәаҭара залшом, егьырҭ ауаа ашәарҭа иҭазыргыло дара акгьы рыдбаламзар. Рыламкьысра аԥыхра азҵаара Жәлар Реизара иаӡбоит.
АХӘҬАҶ 40. Жәлар Реизара адепутатцәа руалԥшьа анагӡараҿы ралхцәа рыдҵала иҿаҳәахарц залшом.
АХӘҬАҶ 41. Ҿыц иалху Жәлар Реизара раԥхьатәи аилатәара ааиԥхьоит Аԥсны Ахада алхрақәа рышьҭахь мызкы аҩнуҵҟала.
АХӘҬАҶ 42. Жәлар Реизара иара аилазаара аҟынтәи иалнахуеит Аиҳаби уи ихаҭыԥуааи, егьырҭ амаҵурауааи, еиҿнакаауеит акомиссиақәеи агәыԥ 3ыдақәеи.
Жәлар Реизара Аиҳабы Жәлар Реизара аилатәарақәа мҩаԥигоит, Жәлар Реизара адепутатцәа рзинмчхарақәа рынагӡараҿы ацхыраара риҭоит, иаҭаху адыррақәа рыла еиқәиршәоит, Жәлар Реизара ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩуеит.
Аиҳабы далырхаанӡа, ҿыц еиҿкаау Жәлар Реизара раԥхьатәи аилатәара мҩаԥигоит қәрала дара зегьы иреиҳабу Жәлар Реизара адепутат.
АХӘҬАҶ 43. Ҿыц иалху Жәлар Реизара аусура ианалага инаркны уанӡатәи Жәлар Реизара азинмчхарақәа нҵәоит.
Жәлар Реизара имҩаԥнагоит шықәсык ҩ-еилатәарак (ааԥынтәи аилатәара, ҭагалантәи аилатәара).
Жәлар Реизара аусушьа арегламент иҳәаақәнаҵоит.
АХӘҬАҶ 44. Жәлар Реизара иаӡбозаалак иаҭаху адепутатцәа рхыԥхьаӡара ыҟазароуп. Азакәанԥҵаратә нҵақәа рыдкыларазы, 3ыдала Аконституциа иазгәанаҭаз акы акәымзар, иҟазароуп Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтә реиҳараҩык. Аконституциатә закәани даҽа закәанқәаки рыдкылара аан иҟазароуп ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа рбыжьқәа Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә.
АХӘҬАҶ 45. Жәлар Реизара иаднакылаз иарбан закәанӡбатәзаалак Аԥсны Ахада изнагалатәуп.
Аԥсны Ахада инапы аҵаиҩыр, уи азакәанӡбатә акьыԥхь иаирбоит Жәлар Реизара ианаднакылаз инаркны жәохәымш рыҩнуҵҟала.
Азакәан амч аиуеит ианыркьыԥхь инаркны, еиҳа ихьшәаны азакәан амч аиура, азакәан ахаҭа ианышьақәнаргыло ада.
Азакәанӡбатә Аԥсны Ахада дақәшаҳаҭымзар, уи Жәлар Реизарахь иргьежьуеит, дзықәшаҳаҭым азгәаҭаны. Аҩынтәтәи ахәаԥшра аан ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа абжьқәа рыла азакәанӡбатә рыдыркылазар, Аԥсны Ахада инапы аҵаиҩыроуп, егьҭижьроуп.
Аԥсны Ахада азакәанӡбатә аниоу инаркны жәамш рыҩнуҵҟала Жәлар Реизарахь имыргьежьзар, усҟан азакәанӡбатә закәанхоит, Аԥсны Ахада инапы аҵаиҩызар еиԥш. Азакәанӡбатә закәанхаӡом аилатәара ахгара иахҟьаны Аԥсны Ахада Жәлар Реизарахь измыргьежьзар.
АХӘҬАҶ 46. Аԥсны Жәлар Реизараҿы азакәанԥҵаратә ԥшьгара азин рымоуп Жәлар Реизара адепутатцәеи, Аԥсны Ахадеи, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбареи, Аԥсны Апрокурор Хадеи.
АХӘҬАҶ 47. Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар РеизараҚ
1) иаднакылоит Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи;
2) иаднакылоит аҭыԥантәи аҳәаақәа рыԥсахрақәа ирызку ақәҵарақәа;
3) иазыӡырҩуеит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, а, нас урҭ рымҩаԥгареи ирызку Аԥсны Ахада инашьҭымҭақәа;
4) иахәаԥшуеит егьышьақәнарӷәӷәоит аҳәынҭқарра абиуџьет, уи анагӡарагьы хылаԥшра азнауеит;
5) иаднакылоит ашьауӷатә, ашьауӷатә-усеилыргаратә, амҩақәҵаратә-џьатә, атәылауаҩратә, атәылауаҩратә-усеилыргаратә, аиныршәаратә уҳәа азакәанԥҵарақәа, аӡбареиҿкаареи апрокуратуреи ирызку азҵаарақәа;
6) имҩаԥнагоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи реилыркаара иазку аусқәа;
7) ишьақәнаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә, арратә хьӡалкаақәеи;
8) ишьақәнарӷәӷәоит, ишыԥнарго рыланаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;
9) иалнахуеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳаби уи ихаҭыԥуааи;
10) амаҵура ианаҭоит, рхы иақәиҭнатәуеит, азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Ахада иқәиргыло Апрокурор Хадеи, Амилаҭтә банк Ахантәаҩи, егьырҭ амаҵурауааи;
11) иаднакылоит Аминистрцәа Реилазаара иалахәу џьоукы бжьыҭирала иӡбоу рыгәрамгара рылаҳәара иазку ақәҵарақәа;
12) Аԥсны Ахада ахара иднаҵоит уи имаҵура нижьразы;
13) ирыланаҳәоит амнистиа;
14) иаӡбоит аибашьра рылаҳәареи аинышәара рыбжьаҵареи ирызку азҵаатәқәа;
15) иаӡбоит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыламкьысра азҵаатәқәа;
16) иаӡбоит и3ыдоу аҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи ралагалара ахьынӡазинрку;
17) инанагӡоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи иадырҵо егьырҭ азинмчхарақәа.
АԤШЬБАТӘИ АХЫ. АНАГӠАРАТӘ МЧРА
АХӘҬАҶ 48. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа анагӡаратә мчра Аԥсны Ахада имадоуп.
Аԥсны Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра хыс дамоуп.
АХӘҬАҶ 49. Аԥсны Ахада иалхр ашьаҭала, маӡа бжьыҭирала, хәы-шықәса аҿҳәара аҭаны.
Аԥсны Ахадас далырхуеит милаҭла иаԥсуоу, 35-шықәса иреиҵамкәа, қџ-шықәса иреиҳамкәа изхыҵуа, алхра азин змоу Аԥсны атәылауаҩ.
Аԥсны Ахадас аӡәы инеиԥынкыланы ҩ-ҿҳәарак иреиҳаны иалхра залшом.
АХӘҬАҶ 50. Аԥсны Ахада имчхарақәа рынагӡара далагоит ҭоуба аниу инаркны, имчхарақәа рынагӡара даҟәыҵуеит иҿҳәара анааилак, ҿыц иалху Аԥсны Ахада ҭоуба аниу инаркны.
Аԥсны Ахада иалхшьеи, иалхра аҿҳәареи шьақәыргылахоит конституциатә закәанла.
АХӘҬАҶ 51. Аԥсны Ахада имаҵура данахагыло, Аԥсны Жәлар Реизараҿы ҭоуба иуеит Иреиҳаӡоу Аӡбара аӡбаҩцәа адԥхьаланы. Аҭоуба атекст Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәоит.
АХӘҬАҶ 52. Аԥсны Ахадарақәеи иҽрылаирхәуам.
Аԥсны Ахада Жәлар Реизара дадепутатӡам, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усбарҭақәа ирыҵаркәа иарбанзаалак даҽа маҵурак идикылар ҟалом, ахаԥшьгаратә налаҵаны.
Аԥсны Ахада ишьақәыргылоу аҿҳәарақәа раан иусуразы ианашьахоит иџьабааԥса Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтә.
АХӘҬАҶ 53. Аԥсны Ахада:
1) дырхылаԥшуеит ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи, Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи, уи ажәларбжьаратә хыдҵақәеи рынагӡашьа;
2) иҳәаақәиҵоит аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа;
3) аҳәынҭқарра дахаҭарнакуп ажәларбжьаратә усқәа рҟны;
4) инапы рыҵаиҩуеит аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;
5) имҩаԥигоит Аԥсны ашәарҭадареи аҳәаақәа рыламкьысреи рзы иаҭаху аусқәа, еиҿикаауеит, хадарагьы азиуеит зыстатус закәанла иҳәаақәҵахо Ашәарҭадара Асовет;
6) ишьақәирӷәӷәоит Аԥсны аибашьратә доктрина;
7) Аԥсны Ар Ԥызас дрымоуп;
8) аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи еиҿкаарақәеи рҟны Аԥсны адипломатиатә хаҭарнакцәа ықәиргылоит, ирхынҳәуеит;
9) ишьақәирӷәӷәоит аҳәынҭқарратә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә, амилаҭтә ҿиара апрограммақәа;
10) Аԥсны иахьаҵанакуа иалиршоит афинанстә, акредиттә политикеи, анаука, аҵараиура, акультура, агәабзиара, аекологиа, асоциалтә еиқәшәара ирыдҳәалоу аполитикеи рымҩаԥгара;
11) иалиршоит атәылауаҩра, ахатә мал азыҟазаашьақәа, абиуџьет-финанстә система, ашәахтәқәҵара, иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара ахьчара, аҳәынҭқарратә маҵура рызҵаарақәа иаку рзакәанԥҵаратә мҩақәҵара;
12) Жәлар Реизара аилатәарақәа рылатәара азин имоуп, ианааиҭаххо аамҭазгьы ажәа иҭалатәуп;
13) атәылауаа ршәарҭадара ахьчаразы, азакәан инақәыршәаны Аԥсны иалеигалоит а3ыдаҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи, убри анаҩс урҭ аҭагылазаашьақәа Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәоит;
14) Аԥсны Жәлар Реизараҿы иара изинмчхарақәа инарықәыршәаны иқәиргылоит Амилаҭтә банк Ахантәаҩи, Апрокурор Хадеи, егьырҭ амаҵурауааи ркандидатурақәа, иара убас Жәлар Реизара иалеигалоит урҭ рхы рақәиҭтәра азҵаарагьы;
15) ишьақәиргылоит Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгара;
16) амаҵура иеиҭоит иагьамихуеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны анагӡаратә мчра ахадацәа;
17) дрыхәаԥшуеит анагӡаратә мчра аусбарҭақәа реиҿкаареи русушьеи рызҵаарақәа;
18) аминистррақәа, аусҳәарҭақәа, араионқәа, ақалақьқәа рхадацәа, иара убас аҭыԥантәи ахаланапхгара рынҵақәа аԥихуеит, урҭ Аԥсны Аконституциеи азакәанԥҵареи ирҿагылозар;
19) ирылеиҳәоит ареферендум ихаԥшьгарала, Жәлар Реизареи Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбареи рыдҵала, азакәан ишаҳәо инақәыршәаны;
20) Жәлар Реизарахь инеигоит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, А ртәы зҳәо есышықәсатәи анашьҭымҭақәа, инеигоит аҳәынҭқарратә биуџьетӡбатәқәеи, уи анагӡара иазку аҳасабырбеи;
21) азин имоуп Жәлар Реизара изаамҭаным аилатәарақәа рааԥхьара;
22) иӡбоит азакәан инақәыршәаны Аԥсны атәылауаҩра азҵаарақәа;
23) иалиршоит ахара анажьра;
24) иранеишьоит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, ириҭоит аҳаҭыртә, арратә иара убас и3ыдоу ахьыӡлкаақәа;
25) ишьақәиргылоит астандартқәа, аеталонқәа, акапанреи ашәага-загеи ракқәа;
26) инеигӡоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи идырҵо егьырҭ азинмчхарақәа.
АХӘҬАҶ 54. Аԥсны Ахада дицалырхуеит уи Ихаҭыԥуаҩгьы. Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ икандидатура ықәиргылоит Аԥсны Ахада иҭыԥ ахь кандидатс иҟоу.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩыс далхзар ҟалоит алхра азин змоу, 3џ-шықәса иреиҵам, қџ-шықәса иреиҳам Аԥсны атәылауаҩ.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ,қәеи иҽрылаирхәуам.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Жәлар Реизара дадепутатӡам, иарбанзаалак егьырҭ аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усбарҭақәа ирыҵаркуа маҵурак дахагылар ҟалом, аиҿырцааратәқәагьы налаҵаны.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ ианашьахоит иџьабааԥса, уи иазыԥҵәоу аамҭақәа инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟнытә.
АХӘҬАҶ 55. Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Ахада идҵала инаигӡоит уи инапынҵақәак, Аԥсны Ахада диԥсахуеит, уи даныҟам ма иусқәа рынагӡара анилымшо.
АХӘҬАҶ 56. Атәыла зегьы аҿы анагӡаратә мҩаԥгатәқәа азеиԥш хылаԥшра рыҭаразы Аԥсны Ахада Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара напхгара азиуеит.
Аминистрцәа Реилазаара шьақәиргылоит Аԥсны Ахада, уи иара инапаҵаҟагьы иҟоуп.
Аминистрцәа Реилазаара иалахәуп Аԥыза-министр, Аԥыза Ихаҭыԥуаа, Аминистрцәа, закәанла иазгәаҭоу егьырҭ амаҵурауаа.
АХӘҬАҶ 57. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишынеибаку ма уи иалахәу џьоукы рмаҵура ааныжьра азин рымоуп.
Амаҵура ааныжьра Аԥсны Ахада иҿаԥхьа иқәдыргылоит. Уи азин имоуп идикылар ма мап ацәикыр.
АХӘҬАҶ 58. Аԥсны Жәлар Реизара Аминистрцәа Реилазаара иалоу руаӡәк иахь агәрамгара аанарԥшыр, усҟан уи азҵаара Аԥсны Ахада иҿаԥхьа иқәнаргылар алшоит. Азҵаара ҵыхәаԥҵәала изыӡбогьы Аԥсны Ахада иоуп.
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аиҿкаареи аусуреи ҳәаақәҵахоит конституциатә закәанла.
АХӘҬАҶ 59. Аԥсны Ахада изинмчхарақәа рхархәара залшом Аконституциатә шьақәгылашьа аԥсахразы, закәанла иалху егьырҭ аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа реимырпразы ма русура аанкыларазы.
АХӘҬАҶ 60. Аԥсны Ахада, иара изинмчхарақәа рҳәаақәа дырҭымҵкәа, аус зуа азакәанԥҵара ашьаҭала, насгьы уи анагӡарала иҭижьуеит Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо амч змоу аусԥҟақәеи адҵақәеи.
АХӘҬАҶ 61. Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи ирықәымшәо Аԥсны Ахада иқәҵарақәа аԥыхзар ҟалоит Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбара ақәҵарала.
АХӘҬАҶ 62. А3ыда ҭагылазаашьеи, аԥсабаратә рыцҳарақәеи, аибашьрақәеи раан Аԥсны Ахада азин имоуп иҭижьыр азакәан мчы змоу, хымԥада иаарласӡаны инагӡатәу, иара убри аамҭазыҵәҟьа Жәлар Реизарахь инацҳатәу ақәҵарақәа.
АХӘҬАҶ 63. Аԥсны Ахада ихаҭара лакьысра ақәым. Аԥсны Ахада ихьӡ-иԥшеи иаҳаҭыри азакәан иахьчоит.
АХӘҬАҶ 64. Аԥсны Ахада иҭоубеи, Аконституциеи, Аԥсны азакәанқәеи еилеигар, имаҵура дамхзар алшоит.